"Софичка" дырбахоит Искандер ифестиваль амҩаԥысраан

© Фото : архив Киры КоваленкоАфильма "Софичка"
Афильма Софичка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху ахԥатәи жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 20-22 рзы, Аҟәа.

АҞӘА, рашәарамза 1— Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Фазиль Искандер ихьӡ зху ахԥатәи жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аҩбатәи амш аҽны имҩаԥысраны иҟоуп ателефильм "Софичка" арбара (арежиссиор Кира Коваленко). Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аминистр лажәақәа рыла Аԥсны акинотеатрқәа ыҟаӡам асахьаркыратә фильм ду уахәаԥшыртә еиԥш. Убри азы иҳаӡбеит ателехәаԥшрала ҳауаажәлар идҳарбарц.

"Акинотеатр аҟны ирбартә еиԥш алшара ҳамамзар, ателехәаԥшрала идҳарбап. Афильм ахаҭабзиара акыр иҳаракуп, ателехәаԥшраҿы уи ԥырхага аиурым ҳәа исыԥхьаӡоит", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху ахԥатәи жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 20-22 рзы, Аҟәа ҳәа.

"Афестиваль аартра мҩаԥысуеит РУСДРАМ аҟны. Иара убри аҽны ахәаԥшыҩцәа идырбахоит аспектакль "Софичка", — лҳәеит аминистр.

Афестиваль аркра амш аҽны, рашәарамза 22 аҽны имҩаԥысраны иҟоуп алитературатә екскурсиа "Республика справедливости по тропам Чика".

"Ауснагӡатә ҳацымҩаԥыргоит Аҟәатәи ақәыԥшцәа рыҩны. Абри амш Чики иара иҩызцәеи ирызкуп", — лҳәеит лара.

Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит афестиваль есааира ауаа ишрылаҵәоу, еиҳа-еиҳа аҽшарҭбаауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0