Аԥсны АҶА: ақәаршҩы машәырк ҟанамҵеит

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАқәа
Ақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асабша ауха излагаз ақәаршҩы амҽыша ашьыжьынӡа ихымкәеит.

АҞӘА, рашәарамза 12 – Sputnik, Владимир Бегунов. Асабша ауха излагаз ақәаршҩы амҽыша ашьыжьынӡа ихымкәеит. Аха анцәа иџьшьаны уи машәырк ахымҟьеит, ауааԥсыра рҟынтәи дырра ҳмоуит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла иҟоуп аӡхыҵрақәа аҭыԥ ахьрымазгьы, аха уадаҩрада еилгеит.

"Сара ақалақь сналс-аалсны иангәасҭоз избеит атәыла Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа ииасуа аӡиас хәыҷы иқәнажьыз алыкь амцарцәаратә машьына ақәыӡәӡәаара ишаҿыз",  - иҳәеит Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла иааиԥмырҟьаӡакәа ареспублика араионқәа рҟынтәи адыррақәа изаарышьҭуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0