Аихамҩатә кредит ашәара аҿҳәара 2029 шықәсанӡа инахоуп

© SputnikАихамҩа
Аихамҩа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәса Аԥсны Урыстәыла иазнашәо аихамҩатә кредит 316 миллион мааҭ рҟынтәи 109 миллион мааҭ рҟынӡа илаҟәит.

АҞӘА, рашәара 12 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ашәахьа, рашәара 12 рзы Аԥсны Апарламент аҟны аратификациа азыруит аихамҩа аиҭашьақәыргыларазы аекспорттә кредит ауал ареструктуризациазы Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра.

Аԥсны Ахада Апарламент аҟны ихаҭарнак Дмитри Шамба иажәақәа рыла, абри аԥкаанҵа амчра анаиу ашьҭахь акредит ашәаразы аҿҳәара инахоит 2029 шықәса рҟынӡа.

"Аԥкаанҵа анапы аҵаҩымызҭгьы 2017 шықәса рзы ишәазар акәхон ауал аиҳареи апроцентқәеи. Аԥкаанҵа амчра анаиу ашьҭахь ауал ахышәа-ҵышәа лаҟәуеит 316 миллион мааҭ рҟынтәи 109 миллион рҟынӡа", — иҳәеит Шамба.

Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы Натали Смыр иазгәалҭеит уаанӡа аилак алахәылацәа зегьы абри Аиқәшаҳаҭра аратификациа азура ишақәшаҳаҭхахьоу.

Адепутат Баҭал Табаӷәуа ҭабуп ҳәа реиҳәеит акредиторцәа, урҭ ауал ахьдырԥсыҽыз азы, иагьациҵеит иара зынӡа иқәхзар еиҳагьы ишеиӷьхоз.

Дмитри Шамба иҳәеит ауал ақәхра азҵаара акырынтә ишалацәажәахьоу аганқәа.

"Актәи аетап аан имҩаԥгатәуп ареструктуризациа. Иаразнакы аӡәгьы ауал уқәихӡом. Насоуп ауал азымшәара мамзаргьы уи ақәхра ахымԥадатәра азҵаара иалацәажәо ианалаго. Абарҭқәа рышьҭахь ауп ауал ақәхра ахцәажәарахь ианкылсуа. Ҳәарада араҟа аӡбра здызкыло акредиторцәа роуп", — иҳәеит иара.

Ҩ-ганктәи Аиқәшаҳаҭрала 2010 шықәса рзы Урыстәыла аиҳабыра Аԥсны иазоунажьит аекспорттә кредит, 2 миллиард мааҭ зыртәоз. Акредит азырхан ареспубликаҿ аихамҩа аиҭашьақәыргылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0