Лев Кәыҵниа: аҩнқәа аӡы рдәылгара ҳаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАқәаршҩы
Ақәаршҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа далацәажәоит ареспубликаҿ илеиз ақәаршҩы ашьҭахь иҟоу аҭагылазаашьа.

АҞӘА, рашәарамза 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа ақәаршҩы ашьҭахь аҩнқәа аӡы рдәылгараз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла ақәаршҩы иахҟьаны 19-ҩны аӡы рыҵалеит.

"Алашарбага аҳаблаҿ, Титови Почтовоиа амҩақәеи рҟны аҩнқәа аӡы рыҩналеит", — иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла АҶА аусзуҩцәа ацхыраара аҟаҵара иаҿуп. Уи адагьы аҳҭнықалақь акоммуналтә усбарҭақәа аӡышьҭрақәа ррыцқьара иаҿуп.

"Ҳара ахархәара раҳҭоит иҳамоу амашьынақәа. Иахәҭаны иҟалар ареспублика егьырҭ араионқәа рҟынтәгьы атехника адҳаԥхьалоит", — иҳәеит Кәыҵниа.

Лев Кәыҵниа ишиҳәаз ала иаԥҵахоит акомиссиа ҷыда. Уи ишьақәнаргылоит ауааԥсыра ироуз аԥхасҭа. Аминистр иазгәеиҭеит агидрометеомаҵзуреи иара напхгара зиҭо аусбарҭеи аусеицура шымҩаԥырго.

Ажәабжьқәа зегьы
0