Аԥснытәи ашьапылампыласцәа Кипр рыхәмарра ахҳәаа ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциа
Sputnik аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахԥатәи аҭыԥ азы Аԥснытәи акоманда зцыхәмаруаз Секеитәи атәылаҿацә акоманда иаҵахеит 1:3 ҳәа.

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аспорттә қәҿиара аҽрыцәнаӡеит Аԥсны амилаҭтә команда алахәылацәа, иҳәеит Sputnik аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ ареспублика ашьапылампыл азы Афедерациа апрезидент Џьума Кәарацхьиа.

"Ҳмилаҭтә команда ашьапылампыл азы Европа ачемпионат аҟны ибааԥсны иқәгылеит ҳәа аҳәара иашам. Афиналбжаҿы инеиит. Аха ашьапылампыл аҟны иҟоуп аилкаара "ақәымҿиара" захьӡу. Убри ауп ҳкомандагьы иаԥынгылаз", — иҳәеит иара.

Акоманда акапитан Дмитри Кәартаа иазиԥхьаӡоит акоманда хықәкны иамаз – афинал ахь анеира залымшеит, аихшьаалақәагьы угәы азҭалартә иҟам ҳәа.

"Ҳара ҳалҵшәақәа ҳгәы ҟарҵом. Хықәкны иҳамаз ҳзынамыгӡеит. Аха ари спортуп. Иҳақәымҿиеит", — иҳәеит Кәартаа. 

Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала Европа ачемпионат - Sputnik Аҧсны
Манаргьиа: ҳахәмарыҩцәа рылахь еиқәуп ConIFA ЕА аҟны аԥхьахә ахьырзымгаз

Иара убасгьы иазгәеиҭеит атурнир ахәаԥшразы Аԥснынтәи еиԥш Ҭырқәтәылатәи адиаспора рхаҭарнакцәагьы шнеиз.

"Ҳара ҳкоманда адгылаҩцәа рацәаҩны иаман. Ачемпионат аԥшәмацәа ҳанрыцыхәмарҵәҟьоз, аҩны ҳаҟазшәа ҳхы аабон", — иҳәеит иара.

Џьума Кәарацхьиа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ачемпионат Аԥснытәи АИХ-қәа инарҭбааны иахьаадырԥшуаз азы. 2018 шықәса рзы Англиа имҩаԥысраны иҟоу ачемпионат ишахәҭоу ҳҽазыҟаҳҵоит иҳәеит иара.

"Иааҳаԥхьарц ҳгәы иҭоуп Наур Ҵнариа Алан Кәыҵниа реиԥш иҟоу аҿар", — иҳәоит Кәарацхьиа.

ConIFA ахылаԥшрала имҩаԥысуаз Европа ачемпионат мҩаԥысит Кипр, рашәара 4 — 11 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0