Даур Кәрмазиа: 2017 шықәса рзы еиҳаны ашәахтәқәа рылхра ҳгәы иҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАшәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәрмазиа
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәрмазиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәрмазиа апресс-конференциа мҩаԥигеит. Уа далацәажәеит аусбарҭа аусура атәы.

АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәрмазиа АРСМИРА апресс-конференциа мҩаԥигеит. 2017 шықәса рзы еиҳаны ашәахтәқәа рылхра ҳгәы иҭоуп, иҳәеит иара апресс-конференциаҟны.

"2016 шықәса рзы ашәахтәқәа рзеиԥш хышәа-ҵышәа иартәеит 2 миллиардки 733 миллион мааҭ. Сынтәа иазыԥхьагәаҭоуп 2 миллиардки 800 миллион мааҭ аизгара. Макьаназы, ашықәс нҵәаанӡа инақәырххны аҳәара уадаҩуп, аха ҳазыԥхьагәаҭарақәа рыла усеиԥш аҿы ҳкылсроуп", — иҳәеит аминистр.

Иара убри аан 2017 алагамҭаз иазгәаҭан ҳаззыԥшыз ашәахтәлагалақәа ркаҳара ҳәа азгәеиҭеит Кәрмазиа.

"Алагалақәа ҳмоуит Аинвестициатә программала аусура мҩаԥызго анаплакқәа рҟынтәи. Уажәы атәыла аиҳабыреи аиҳабырабжьаратә комиссиеи ашәҟәы рнапы аҵарҩит. Аинвестпрограммала аԥаразоужьра ҟалап ҳәа ҳаԥшуп", — иҳәеит иара.

Кәрмазиа иажәақәа рыла, Аинвестициатә программа аусура иалагар ашәахтәқәа реизгарагьы иазҳауан.

Ажәабжьқәа зегьы
0