Наур Смыр: арапортқәа аазышьҭыз ААИ (ГАИ) аусзуҩцәа рхы иақәиҭтәхоит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны ААИ (ГАИ) аусзуҩ
Аԥсны ААИ (ГАИ) аусзуҩ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААИ (ГАИ) жәаҩыла аусзуҩцәа арапортқәа нарышьҭит русураҟынтә рхы иақәиҭыртәырц рашәара 15 рзы.

АҞӘА, рашәара 16 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны ААИ (ГАИ) жәаҩыла аусзуҩцәа арапортқәа нарышьҭит русураҟынтә рхы иақәиҭыртәырц рашәара 15 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ААИ аиҳабы Наур Смыр.

"Ҳара ҳусзуҩцәа русура ахылаԥшра аҳҭо ҳалагеит. Амҩақәа рҟны аԥареизгара аԥҳарҟәҟәаауа ҳалагеит. Уи згәамԥхаз хаԥышәала ААИ апостқәа аанрыжьит, аусура еиҵарҟьеит", — иҳәеит Смыр.

ААИ аиҳабы иазгәеиҭеит арзаҳалқәа хыԥхьаӡарала ишырацәоугьы аусзуҩцәа асеиԥш амҩа иқәызҵаз 20 рҟынӡа шракәу иҟоу. Урҭ русура иамххоит, иҳәеит иара.

"Уажәы ҳара арапортқәа ҭаҳҵаауеит. Аԥшьгаҩцәа русура иамххоит жәаҳәарада. Ирҳәоит урҭ ауаа ршәаны арапортқәа ддырыҩуан ҳәа. Иҟоуп иԥаршеиу арапортқәагьы. Зегь хаз-хазы иааганы ҳрыҿцәажәоит", — иҳәеит Смыр.

Ажәабжьқәа зегьы
0