Ҳаџьымба: иарбанызаалак рыцҳашьарак ҟаҵатәым

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба рашәарамза 19 рзы амчратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Алада Ешыра ақыҭан аҭыԥ змаз зықәра намӡац аӡӷаб лцәа аԥҽреи Џьӷамазиа А.Р. лышьреи инарымаданы имҩаԥгатәуп иобиективу ашьаусҭҵаара, иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба рашәара 19 рзы амчратә усҳәарҭақәа рнаԥхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аилацәажәараҟны.

"Иарбанызаалак ԥсыҽрак ҟаҵатәым. Иҟалаз риашашьагь амам. Ашьаусҭҵаара мҩаԥгатәуп ишахәҭоу еиԥш ииашаны, азакәан шьаҭа аҭаны. Аӡәгьы игәы иаанамгааит ара аӡәы дҳахьчар ҳҭахушәа. Иарбанызаалак аӡәгьы ацәгьа ҟазҵаз ианажьра игәы иҭам. Ацәгьоура ҟалеит. Ацәгьа зуз ихәҭа дақәыршәатәуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аилацәажәара иалахәын: Аԥсны Апрокурор хада Зураб Ачба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Нугзар Ҳагәышь, Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Зураб Марганиа.

Урҭ атәыла Ахада изеиҭарҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змаз ацәгьоурақәа рыҭҵаара аус амҩаԥысшьа.

Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада: аб иԥҳа дишьит ҳәа агәаанагара ыҟоуп

"Рашәара 17 асааҭ 21:00 рзы Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан, Школьнаиа амҩаҿ игылоу аҩны №12 аҿаԥхьа, амҩаҿ ирбеит 1994 шықәса рзы ииз Анжела Џьӷамазиа лыԥсыбаҩ. Аӡӷаб илеихсны дшьын. Лара илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аҭыԥ аҿы дыԥсит", — ҳәа аҳәоит Апрокуратура хада аофициалтә дырраҭара.

Ашьаусҭҵаара хацыркуп. Имҩаԥысуеит ауснагӡатәқәа Роберт Џьӷамазиа дахьыҟоу аилкаарази иҭакрази.

Уаанӡа, Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Асҭамыр Севериан-иԥа Џьапуа иганахьала, аҵыхәтәантәи рашәара 11 — 12 ауха зықәра намӡац аӡӷаб лцәа ԥиҽит ҳәа агәаанагара ахьыҟаз инамаданы.

Астамыр Севериан-иԥач Џьапуа рашәарамза 17 2017 шықәса рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзурахьы иҽриҭеит. Рашәара 13 2017 шықәса рзы аӡӷаб лан иҟалҵаз арзаҳал ашьаҭала ихацыркын ашьаус. Лара лажәақәа рыла Асҭамыр Џьапуа ижәны дыҟан. Абџьар ихы иархәаны 2003 шықәса рзы ииз аӡӷаб аҩны ддәылганы дигеи, лцәагьы ԥиҽит.

Ажәабжьқәа зегьы
0