Аҟәа аҭыԥ змаз аԥжәараан ахәрақәа зауз аоперациа изыҟарҵеит

© Fotolia / VILeviАҟәа аҭыԥ змаз аԥжәараан ахәрақәа зауз аоперациа изыҟарҵеит
Аҟәа аҭыԥ змаз аԥжәараан ахәрақәа зауз аоперациа изыҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Калмыков имҩаҟны асааҭ 21.30 рзы аԥжәара ҟалеит.

АҞӘА, рашәарамза 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа аҭыԥ змаз аԥжәараан ахәрақәа зауз аоперациа изыҟарҵеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Воуба.

"Ааха зауз ишьапы хкы рацәала арԥжәага хәҭақәа алоуп. Макьаназы изаауп дшыҟалаша аҳәара", — иҳәеит Воуба.

Аҟәа ақалақь Калмыков имҩаҟны асааҭ 21.30 рзы аԥжәара ҟалеит. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит ацхыраара лас автомашьынеи амцарцәагатә машьынеи.

Иҟалаз шыҟалаз, мзызс иаҵоу атәы аҳәара макьаназ иуадаҩуп ҳәа азгәарҭоит ашьаусҭҵааҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0