Аԥснытәи ашахматист қәҿиарала ачемпионат аҟны дықәгылеит

© flickr.comАшахматқәа
Ашахматқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашахмат азы Аԥсны Афедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба иазиԥхьаӡоит ашахматистцәа қәҿиарала иқәгылеит ҳәа.

АҞӘА, рашәара 20– Sputnik. Ашахмат азы Аԥсны Афедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба иазиԥхьаӡоит ашахматистцәа қәҿиарала иқәгылеит ҳәа.

"Даара қәҿиарала дықәгылеит Даниил Ҳалбад. Быжьшықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара иара аабатәи аҭыԥ ааникылеит. Аҵыхәтәантәи, ажәбатәи атур аан иара маҷк ауп игхаз ахԥатәи аҭыԥ ааникыларц", — иҳәеит Ҭыжәба.

Константин Ҭыжәба иажәақәа рыла, аицлабра иалахәын Урыстәыла, Испаниа, Ҭырқәтәыла, Англиа, Польша, Израиль уҳәа атәылақәа рҟынтәи ашахматистцәа ҿарацәа.

Ачемпионат мҩаԥысуан Черногориатәи ақалақь Будва аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0