Иалса Занҭариаԥҳа Бургастәи афестиваль аҟны Аԥсны ахьӡала дықәгылоит

© SputnikАа-шықәса зхыҵуа амодель Иалса Занҭариаԥҳа
Аа-шықәса зхыҵуа амодель Иалса Занҭариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшӡареи амодеи Жәларбжьаратәи рфестиваль "Prince&Princess of the World 2017" иалахәхоит Украина, Урыстәыла, Аԥсны, Испаниа, США, Ҟазахсҭан, Ҭырқәтәыла, Канада, Индиа рҟынтәи 50-ҩык рҟынӡа аконкурсантцәа. Афестиваль мҩаԥысуеит Болгариа, рашәара 23 - 30 рзы.

АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аа-шықәса зхыҵуа амодель Иалса Занҭариаԥҳа аԥшӡареи амодеи Жәларбжьаратәи рфестиваль "Prince&Princess of the World 2017" аҟны Аԥсны ахьӡала дықәгылоит. Абри атәы еиҭалҳәоит афонд "L-Star" апрезидент Лали Сыҷынааԥҳа арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

Болгариа имҩаԥысуа афестиваль уажә фынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи.

"Актәи афестиваль далахәын Дениза Ҳаразиаԥҳа. Лара иланашьан Гран-при. Иара абри афестиваль далахәын Ариана Какәбааԥҳагьы. Ларгьы иланашьахеит Гран-при. Уажәы ҳара иаҳзыԥшуп Болгариа", — лҳәеит Лали Сыҷынааԥҳа.

Аконкурсантка ԥшьынтә дцәырҵуеит, еиуеиԥшым амаҭәа лышәҵаны.

"Афестиваль иахәҭакуп аталантқәа ршоу. Алахәылацәа зегьы ҩ-минуҭки бжаки рыҩныҵҟа рҟыбаҩ аадырԥшыр ауп. Ҳара иҳаӡбеит ҳакәашара ссирқәа рыԥшӡара аарԥшра", — лҳәоит лара.

Иалса Занҭариаԥҳа арепетициахь дныҟәоит, лара лзы ҷыдала иқәдыргылоит аԥсуа кәашара.

"Лара лыҿҵаа бзиоуп. Илурбо ирласны ишьҭылкаауеит. Уаанӡагьы акәашарахь дныҟәон", — ҳәа еиҭалҳәоит Иалса лан Есма Гемуаԥҳа.

Иалса иазгәалҭоит зегь раасҭа илгәаԥхо алакә персонаж лроль шакәу.

Аа-шықәса зхыҵуа амодель Иалса Занҭариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аԥшӡаразы аконкурс аҟны Иалса Занҭариаԥҳа зегь иреиӷьу ҳәа далкаауп

Афонд "L-Star" апрезидент Лали Сыҷынааԥҳа еиҭалҳәоит Жәларбжьаратәи афестиваль "Prince&Princess of the World 2017" апрограмма акыр ишыҭбаау.

"Аконкурс ахаҭа адагьы аиҩызара ахәылԥаз, ақалақь ахада иԥылара, аԥсшьаратә программа еиҿкаахоит. Афестиваль аҩбатәи амш аҽны аиҩызара ахәылԥаз аҟны ҳделегациа ареспублика аӡбахә, аҭоурых еиҭарҳәоит,

иӡырыргоит амилаҭ маҭәа. Иӡыргахоит амилаҭ чыс", — ҳәа еиҭалҳәоит Сыҷынааԥҳа.

Аашықәса зхыҵуа Иалса Занҭариаԥҳа Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи ателеконкурс "TV Start and Start mini Models – Bosphorus" далахәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0