Ҳаџьымба Дмитри Чепенец изы: абасеиԥш иҟаз роуп Аԥсны еиқәзырхаз

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымбеи Аԥсны Афырхаҵа Дмитри Чепенец иҭаацәа дырԥылеит
Рауль Ҳаџьымбеи Аԥсны Афырхаҵа Дмитри Чепенец иҭаацәа дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Украинантәи хатәгәаԥхарала иааны Аԥсны еибашьуаз, Аԥсны Афырхаҵа Дмитри Чепенец иҭаацәеи реиԥылара.

АҞӘА, рашәарамза 28 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Дмитри Чепенц иеиԥш зеиԥшыз рыцхырааралоуп Аԥсны шеиқәхаз, иҳәеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Украинантәи хатәгәаԥхарала иааны Аԥсны еибашьуаз, Аԥсны Афырхаҵа Дмитри Чепенца иҭаацәеи реиԥылараан.

Атәыла Ахада Иусбарҭахь инаԥхьан Аԥсны ахақәиҭраз иҭахаз Дмитри Чепенец иԥшәмаԥҳәыс, ихшара, имоҭацәа.

"Агәалашәара еиҵагыло абиԥарақәа ирзаанхоит. Ауаа ирдыруазароуп арыцҳара ҳанҭашәа аиаша иашьҭаз ҳацхраарц ишаҳзааз. Ҳара ҳгәы рыладууп Аԥсны алахьынҵа иазхәыцуаз зегьы", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит хаҭала Дмитри Чепенец дшидыруаз.

"Дмитри Чепенеци сареи ҳаибадыруан. Иахьагьы дысгәалашәоит. Исгәалашәоит аҵыхәтәантәи имш. Олег Аршбеи Илиа Гамсаниеи иареи уи аоперациа еицалахәын. Дмитри дзымхынҳәит. Ихьаҵуаз иҩызцәа еиқәырхо иара дҭахеит. Иахьа иҳауит алшара иԥсыбаҩ аԥсуа дгьыл амадараз", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба иҳәеит Дмитри иҭаацәа 24 шықәса абри амш ишазыԥшыз.

Дмитри иԥшәмаԥҳәыс Елена Чепенец атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа ралҳәеит иҟарҵаз адкыларазы.

"Ҳара ҳҿгьы, Донбасс аибашьра цоит. Аибашьра закәу еилаҳкаауеит. Ҳара ҳҭаацәа иахьатәи амш иазыԥшын 24 шықәса. Олег Аршбеи атәыла анапхгареи ҳареи раԥхьатәи ҳаиԥылараан ажәа ҳарҭеит иԥсыбаҩ шырыԥшаауа азы. Ражәа нарыгӡеит", — лҳәеит лара.

"Сара агәахәара сымоуп Дмитри ихшара ахьыҟоу, имоҭацәа иахьрызҳауа", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Украинантәи хатәгәаԥхарала иаан Аԥсны еибашьуаз, Аԥсны Афырхаҵа Дмитри Чепенец иԥсыбаҩ анышә иамардоит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0