Фышықәса аԥсҭазаара азықәԥара

© Sputnik Бения АнжеликаЕллариа Багаҭелиаԥҳа
Еллариа Багаҭелиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ирацәаҩуп издыруа Еллариа Багаҭелиаԥҳа лыӡбахә. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихнартит Еллариа лыхәышәтәразы аԥареизгара. Лара лықәлацәа акыр дрыҵахоит. Еллариа лҭагылазаашьа аиӷьтәразы иаҭахны иҟоуп 350 000 мааҭ.

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.

ДЦП змоу Еллариа Багаҭелиаԥҳа лан иаҳзеиҭалҳәоит лхәыҷгьы аҭаацәарагьы фышықәса ишрықәу аԥсҭазаараз иқәԥоижьҭеи.

– Бааи, Еллариа, ажурналистцәа идҳарбап бшьапқәа шеихыбго, — лҳәоит ан.

Аха Елллариа лан илҳәо лзынагӡом. Лара лзы ашьапеихгара амч маҷымкәа изҭаху усуп.

Ан лылаӷырӡқәа хажжылоит. Дҳаҳәоит дҭаҳамхырц. Илҭахым ауаа лыԥсыҽра рбарц. Маҷк данааҭынчхалак лцәажәара иацылҵоит.

"Исцәыуадаҩуп. Заҟа шықәса ҵуазеи. Анышәара уадаҩуп. Зны-зынла сгәы иаанагоит ҳара ҳгәаҟуеит, арахь лара асеиԥш аҟазаара ада акгьы лыздырам азы уи бзиоушәа лбоит ҳәа", — лҳәоит Ада Қәаранӡиаԥҳа.

Жьҭаара Еллариа 6 шықәса лхыҵуеит, аха лара макьана дызцәажәом, дызтәаӡом, дагьзынаҳә-ааҳәуам. Еллариа аҭаацәараҿ даӡәуп.

Лҭаацәа гәыӷуеит мышкызны "сан, саб" ҳәа ажәақәа раҳап ҳәа.

Иалса Алхорбеи Спартак Ԥачлиеи - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа хҩык рзы аԥарақәа еизгоуп

Ахәыҷы дани аабатәи амш азы лҭаацәа аҳәаанырцәҟа дыргеит. Лара лҭагылазаашьа хьанҭан. Лыԥсыԥ алага-ҩагара уадаҩын. Еллариа лгәы аоперациа азыруит. Аҳақьымцәа зегь бзиахоит ҳәа рҳәеит, аха лара лыҿиара

ԥкын. Аҭаацәа Санкт-Петербургтәи Апедиатриатә медицинатә академиахь дыргеит. Уаҟоуп урҭ иахьраҳаз – ДЦП.

Еллариа "Москватәи амедицинатә технологиақәа ринститут" аҟны лыхәышәтәра х-курск мҩаԥыргахьеит. Иҟоуп аиӷьхара, аха уи уиаҟара иубарҭам, лҳәоит афонд аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Аԥсны ауаа рыцхыраарала аԥарақәа еизган. Ҳәарада маҷк деиӷьхеит – лхы лкуа далагеит. Егьыс, дызцәажәом, дызтәом, дызгылом, лхы дзахәом", — лҳәеит лара.

Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла "Москва агәабзиарахьчара Адепартамент ахәыҷтәы ԥсихоневрологиа ацентр" аҟны ирҳәоит Еллариа илыцхраарц рылшоит ҳәа. Агәыӷра ыҟоуп лхы амаҵ луртә дҟалап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0