Апарламент асахьаныҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент аилатәара ишиашоу ицо аефир ала ахәаԥшыҩцәа дырбара ахьынӡахәарҭоу дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Пхынгәы 5 рзы  имҩаԥысуан Жәлар реизара аилатәара. Урҭ зхәаԥшуаз азҵаатәқәа рахьтә иҟоуп иззааҭгылатәу, аҵыхәтәантәи аамҭазы аинтеренет ахархәаҩцәа злацәажәо, уи аԥхьа адепутат Баҭал Табаӷәуа иҟеиҵахьаз "Апарламент аилатәара ишиашоу ицо аефир ала ахәаԥшыҩцәа дырбара" иазку аҳәамҭа.

Ари уажәы акыр имодахаз еилыргатәханы иҟоу усуп, амала, атәы здыруагьы иззымдыруагьы аналацәажәо угәы иааҵаххуеит ҳамҳәозар. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ишиашо ицо Жәлар реизара аилатәара асахьаныҟәа (авидео) ателехәаԥшцәа дырбаразы, аԥсуа телехәаԥшра иахьазы иамаӡам атехникатә, ауаатәыҩсатә ресурс.

Аминистрцәа реилазаара - Sputnik Аҧсны
Акәыбырқәеи асоветқәеи

Маҷк иадамзаргьы ателехәаԥшра аусура атәы здыруа иаразнак иазгәеиҭоит, ишиашо ицо аефир шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа аиҿкааразы ишаҭаху аҭыхга камерақәа ԥшьба иреиҵамкәа, аоператорцәагьы убысҟаҩык. Уи адагьы, арежиссиор, авидеонџьнырцәа, насгьы асахьаныҟәа амонтаж ҟаҵаны ишиашоу иоузышьҭуа  ателехәаԥшратә машьына.

Урҭқәа рыдагьы, ателехәаԥшра аҩныҵҟа уи иацклаԥшуа ауаа ыҟазароуп. Ажәакала, аха змоу зегь зацәҳауа аԥсуа телехәаԥшра аресурсқәа рӷьырак Жәлар реизара аилатәара рҽазыркыр, ателехәаԥшраҿы ицо егьырҭ адырраҭарақәа хылаԥшрада иаанхоит, Апарламент аусура иагар алшоит ателехәаԥшра амч зегьы.

Хымԥада, Апарламент алшара амазар, иаанахәар ауеит абарҭ зегь реиҿкааразы атехника, аҭыхгақәа, иара убас, уи амаҵ азызуша ауаагьы аусурҭа рнаҭаргьы ҟалоит. Урҭқәа ирыбзоураны, адепутатцәа русура шымҩаԥысуа хшыҩзышьҭра азызуа алхыҩцәа ирбар рылшоит. Ари апроект аԥстазаара аларҵәаразы Жәлар реизара адепутатцәа мап рцәыркроуп дара ирымо альготқәа: изықәтәо амашьына хазынақәа, инырхуа абылтәы, уҳәа ирацәахашт ирцәыӡыр алшо.

Владимир Касландӡиа ишәҟәы - Sputnik Аҧсны
Ачынуаа рзы аликбез

Мамзаргьы, иара усгьы иӷару ҳҳәынҭқарраҿы Апарламент абиуџьет шьҭыхтәуп. Абри азҵаатәы ианалацәажәоз асессиа аҟынтә аинтерент аҿы иаҳбаз, ҭаӷьӡаа реиԥш адепутатцәа рӷьалпалбжьы зцыз асахьаныҟәа ҳаԥшны иаҳҳәозар, иара усгьы зыԥсҭазаара мариам алхыҩцәа, иҟалап ишиашо ицо аефир рымбар еиҳагьы еиӷьзар.

Абри азы игәаанагара иҳәеит адепутат Александр Анқәаб "Иахьа Апарламент аҿы иҟоу ауаажәлар ирбар, уи анаҩс ахәаԥшра рҭахымхаргьы ҟалап". Убри адагьы, адепутат телехәаԥшралатәи арбаразы иазгәеиҭеит "атехникатәи апрофессионалтәи зҵаатәқәа рыда, уадаҩра ыҟам, аха аԥхьа апрофессионалцәа адԥхьаланы иҭҵаатәуп" ҳәа.

Ииашаҵәҟьаны, абри азҵаатәы аилатәарахьы ицәырыргаанӡа еиӷьын, атәы здыруа ауаа адгаланы ирыхәшьадыр, Апарламент асахьаныҟәа ауаа дырбара аиҿкаара иаҭаху, харџьс иацу. Аӡәгьы имҳәеит, Апарламент аиалатәара ишақәнагоу аҭыхразы, иахьа иахьеилатәо ауада шҭымыҭшәароу.

Ишаҳдыруа еиԥш, Жәлар реизара аилатәара аԥсуа телехәаԥшра ажурналистцәа реиԥш иаҭаауеит Абаза ТВ, насгьы, егьырҭ аинформациатә хархәагақәа русуҩцәа. Урҭ зегьы аусура рзыманшәалахарц азы, аилатәара ахьымҩаԥысуа ауада акыр иҭбаазароуп, акамереи аоператори асахьа аҭыхра рзыманшәалахо, егьырҭ ажурналистцәагьы имҩаԥысуа рыла иабо иҟаларц азы. Аилатәараҿы иара убас, иалацәажәон Апарламент асаит аҿы, ииашоу ицо асахьаныҟәа ашьҭра.

Апарламент - Sputnik Аҧсны
Зжьы ужәыр, зтәан еиламгыло, мамзарагьы Апарламент чаԥоуп

Ари апроект анагӡара еиҳа имариоуп, уи азы хыхь икнарҳауа, адепутатцәа зегьы ирҳәо, ируа аҭыхра зылшо акамера аахәатәуп. Ииашоуп, убраҟагьы иазхәыцтәуп, абжьы ахаҭабзиара зеиԥшрахо. Иҟоуп, зынӡа имариоу даҽа мҩакгьы, ишдыру еиԥш, ҳдепутатцәа рӷьырак ирымоуп, уарӷьа напы иакызар, уарма иузамыркуа амобилтә ҭел шьахәқәа.

Дасу иаԥхьа инықәыргыланы, ииҳәо ииуа асаит ахь ицо аҟаҵара алуршар ауеит, аԥара уамак аныхрагьы аҭаххом, аинтерент бзиа ыҟазар. Аус злоу, ирҭаххома уи дара адепутатцәа рхаҭа?! Иара убас, аинтерент ахархәаҩцәа злаԥшыз адепутатцәа рҭыӡшәа асахьаныҟәа иаҩызахар анаҩстәи аҭыхымҭақәагьы, Апарламент асаит ауаа аҭаԥшра зынӡа ирҭахымхаргьы алшоит. Ари азҵаатәы уажәтәи аилатәараҿы амҩа амоуит, уи даҽазны иазыхынҳәуеит.

 Р. S. 

Ԥхынгәы 5 рзы имҩаԥысуаз Жәлар реизара аилатәараҿы аҳәынҭқарратә бызшәа ахархәара зламамыз ала, Апарламент асахьаныҟәа ишиашоу ицо аефир ала ирышьҭуа иҟаларгьы, ҳҳәынҭқарратә бызшәа — аԥсшәа, зхәаҽуа проектны иҟалоит. Ухы иазумуа, уаӷа иузиуам. 

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0