Урыстәылатәи атуристцәа аԥсихологиатә цхыраара рырҭоит

© Sputnik Бадрак АвидзбаУрыстәылатәи атуристцәа аԥсихологиатә цхыраара рырҭоит
Урыстәылатәи атуристцәа аԥсихологиатә цхыраара рырҭоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи атуристцәа аԥсихологиатә цхыраара рырҭоит ҳәа ааицҳаит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Рустам Занҭариа.

"Аҭыԥ аҟны иҟоуп АҶА аусзуҩцәеи ацхыраара лас аусзуҩцәеи. Иаԥҵоуп аоперативтә штаб. Еиуеиԥшым аусбарҭақәа русзуҩцәа арыцҳара иақәшәаз адгылара рырҭоит", — иҳәоит иара.

Ари аҩыза аҭагылазаашьаҟны аԥсихологцәа рыцхыраара хымԥадатәиуп, ҳәа азгәеиҭоит Занҭариа.

Аԥарақәа - Sputnik Аҧсны
Атуристцәа ирықәлаз рганахь ала аинформациазы аԥаратә шәара мҩаԥгахоит

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Ацәгьоура ҟазҵаз ауаа рыԥшаареи рышьақәыргылареи рзы аусурақәа ирҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0