Аԥсны аиҳабыра иршьыз атурист иҭаацәа ацхыраара рырҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа реилазаара
Аминистрцәа реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Аԥсны Ахада инапынҵала Аԥыза-министр Беслан Барцыц хаҭалатәи инапхгараҭарала имҩаԥгахоит атурист иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агареи иҭаацәа уахь рцареи. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

"Атәыла аиҳабыра рхахьы иргоит иҭахаз иԥсадгьыл ахь иԥсыбаҩ агаразы атранспорттә харџьқәеи аҭаацәа акомпенсациа рызшәареи. Амҩан дара мҩаԥыргоит Аԥсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа", ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит иахьа, ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа - Sputnik Аҧсны
Ацҳаражәҳәаҩ: Урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аԥыжәара амазароуп

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Ацәгьоура ҟазҵаз ауаа рыԥшаареи рышьақәыргылареи рзы аусурақәа ирҿуп.

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәны имҩаԥысит Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи атурист иҭархареи раарԥшразы иаԥҵоу Аоперативтә штаб аилатәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0