Аҭыԥантәи ауааԥсыра рысасцәа мҩаԥырго иалагеит урыстәылатәи атурист даныршь ашьҭахь

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рысасцәа мҩаԥырго иалагеит урыстәылатәи атурист даныршь ашьҭахь.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рысасцәа мҩаԥырго иалагеит урыстәылатәи атурист даныршь ашьҭахь аплиаж ахь ианцо аума аҽа ҭыԥк ахь ианцо аума ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Приморское ақыҭан инхо Аида Оҭырԥҳа.

"Ҵыԥх аасҭа атуристцәа сынтәа рхыԥхьаӡара шеиҵоугьы иҟалаз ахҭыс ашьҭахь аӡәгьы дықәҵны дымцеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ракәзар рысасцәа аплиаж ахь ианцо аума аҽа ҭыԥк ахь ианцо аума имҩаԥырго иалагеит урыстәылатәи атурист даныршь ашьҭахь", — лҳәеит лара.

Лара иазгәалҭоит аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы иҟалало ацәгьоурақәа Аԥсны аҭынчра ҟамлар зҭаху рҟынтәи шакәу рхы ахьыҵырхуа.

Лара лажәақәа рыла есышықәса илзаауеит ԥсшьараҳәа Урыстәылантәи лдырцәа, лҩызцәа.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит иацы, ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа - Sputnik Аҧсны
Ацҳаражәҳәаҩ: Урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аԥыжәара амазароуп

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Ацәгьоура ҟазҵаз ауаа рыԥшаареи рышьақәыргылареи рзы аусурақәа ирҿуп.

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәны имҩаԥысит Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи атурист иҭархареи раарԥшразы иаԥҵоу Аоперативтә штаб аилатәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0