Апрокуратура хада ауаҩшьра ҟазҵаз рыхьӡқәа ӡырнагеит

© SputnikАцәгьоура аҭыԥ аман ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан
Ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан. Абџьар ахархәара аҭан дшьын урыстәылатәи атурист.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит урыстәылатәи атуристцәа абџьар ахархәара аҭан ирықәлаз, Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Кабанов дызшьыз аҩбатәи ацәгьауаҩгьы. "2017 шықәса ԥхынгәы 15 июлярзы даанкылан 1988 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Адгәыр Уасил-иԥа.

"Ԥхынгәы 16 рзы даанкылан 1987 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Даур Уасил-иԥа. аишьцәа рҩыџьагьы Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭа иауааԥсыроуп. Дара руаӡәк ашьаусҭҵааратә органқәа аус рыциуеит. Убри инадҳәаланы аус азы аҵакы зманы иҟоу амаҭәарқәа – абџьар, аҳәызба, ԥшаауп", — ҳәа аҳәоит адырраҟны.

Уажәазы ашьаусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0