Аҟәа ихыркәшахеит акциа "Бежим со смыслом"

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа ихыркәшахеит акциа "Бежим со смыслом"
Аҟәа ихыркәшахеит акциа Бежим со смыслом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
300-ҩык инарзынаԥшуа рхы аладырхәит агәыҳалалратә еиԥхныҩра "Бежим со смыслом"

АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аиҿкааҩцәа ируаӡәку Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа иажәақәа рыла акциа иалахәын 300-ҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыреи, Урыстәыла арегионқәа рҟынтәии, Италиа атәылауаҩи.

"Ақәа шлеиуазгьы акциа ахалархәра зҭахыз рацәан. Ауаа ибзианы еилыркаауан акциа агәыҳалалратә ҵакы аманы ишыҟаз" — иҳәеит Ҭаниа.

Алахәылацәа дреиҳабын 50 шықәса зхыҵуа Ҭемыр Кәартаа.

Акциа далахәын авокалтә конкурс "Ты супер!" аҟны аиааира згаз Валериа Адлеиаԥҳа. Лара аиааира лзымгазаргьы уи лгәы лнамырхьит.

"Аҵыхәтәантәиқәа среиуахеит. Иагьеилыскааит аҩра сара ишыстәым. Амала агәахәара ду соуит", — лҳәоит Валериа.

© Sputnik Милана ВозбаСотрудники Sputnik Абхазия приняли участие в благотворительном забеге "Бежим со смыслом"
Сотрудники Sputnik Абхазия приняли участие в благотворительном забеге Бежим со смыслом - Sputnik Аҧсны
Сотрудники Sputnik Абхазия приняли участие в благотворительном забеге "Бежим со смыслом"

Аинформациаитә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны акциа информациатә партниорны иазыҟан. Иара аусзуҩцәа рҟынтәи хәҩык акциа иалахәын. Иреиӷьу алҵшәақәа аалырԥшит апресс-маӡаныҟәгаҩ Милана Возԥҳа. Лара х-километрак аҩраҿы аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит.

"Ганкахьала сылҵшәа сгәы ҟанаҵоит, аҽа ганкахьала маҷк иаасырццакызҭгьы – актәи аҭыԥ згон. Сгәы иаанагоит уи хықәкны исымазҭгьы исылсыршаргьы ҟаларын ҳәа. Ҽааны актәи аҭыԥ сара истәхароуп", — лҳәоит Милана.

Ауснагӡатә асас ҷыда, аолимпиатә чемпионка, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Светлана Журова ҭабуп ҳәа ралҳәеит ауснагӡатә аиҿкааҩцәа.

"Иарбанызаалак атәылаҿ Абираҟ амш аҵакы змоу ныҳәоуп. Аус бзиа иарбанызаалак амилаҭ азы зеиԥш усуп, уеидызкыло усуп" — лҳәеит лара.

Аполитик Сергеи Шамба иакәзар игәы ихьит акциа дахьзалахәымхаз. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит абираҟ ашьаҭаркра аҭоурых.

"Аԥсны жәлар рфорум аҿоуп абираҟ аԥҵара аидеиа ахьииз. Валери Гамгьиа абри аус инапы алакын. Иахьатәи аҿар абираҟ иақәырҵо апатуи аҳаҭыри збоит. Аибашьраангьы абираҟ ԥхьацаган, иааиран ирыԥхьаӡон", — иҳәоит Шамба.

Акциа алахәылацәак шьыжьы инаркны амаланыҟәақәа рыла аиԥхныҩлара еиҿыркааит. Гәыԥк Аԥсны мраҭашәарахьтәи аҳәаа Ԥсоунтәи Аҟәаҟа рхы дырхеит, егьырҭ Аԥсны мрагыларатәи аҳәаа, Егрынтәи Аҟәаҟа рхы дырхеит. Аҟәа иахьааизгьы 10 километрак аҩра рхы аладырхәит.

© Sputnik / Томас ТхайцукСтарт забега "Бежим со смыслом" в Сухуме в День флага Абхазии
Старт забега Бежим со смыслом в Сухуме в День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны
Старт забега "Бежим со смыслом" в Сухуме в День флага Абхазии

500 метра иҩуан ахәыҷқәа. Аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Адель Акәыциа, аҷкәынцәа рыбжьара — Ҭемыр Габуниа.

Ахбыџцәа рыбжьара километрак иҩуаз рҟны зегьы ираԥыргеит Зоиа Никитинеи Алан Карди-Оӷлыи.

Х-километрак иҩуаз рыбжьара аԥхьа инеиит Анастасиа Самсоновеи Лука Бацациеи.

Аиҳабацәа рҟынтәи х-километрак иҩуаз ириааиит Валериа Ивановеи Баграт Харчылааи. Хә-километрак иҩуаз рҟны аиааира ргеит Екатерина Алтышевеи Дмитри Зинченкои. 10 километрак иҩуаз ираԥхьагылан Анна Бореии Павел Алтышеви.

Алахәылацәа зегьы агәыҳалалратә лагала ҟарҵеит. Урҭ аԥарақәа афонд "Ашана" иазынашьҭхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0