Амаланыҟәаекспедициа "Афырхацәа рымҩала" Аԥснынӡа иааӡеит

© Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмаланыҟәаекспедициа "Афырхацәа рымҩала" Аԥснынӡа иааӡеит
Амаланыҟәаекспедициа Афырхацәа рымҩала Аԥснынӡа иааӡеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекспедициа амаршрут ақәшәоит 1942 шықәса рзы анемец-фашистцәа Ҟәбанҟа рнеира аанызкылаз Аԥшьбатәи аказақцәа ргвардиа акавалериатә корпус амаршрут.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аекспедициа алахәылацәа амаланыҟәақәа рыла Аԥсны иалсит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит акциа алахәыла Васили Широких.

"Аекспедициа "Афырхацәа рымҩала" ахьӡуп. Иара Аԥшьбатәи аказақцәа ргвардиа акавалериатә корпус амаршрут иақәшәоит. Ҳныҟәара хацҳаркит ԥхынгәы 13 рзы астаница кушьчевскаиа аҟынтәи. Краснодартәи атәылаҿацә зегьы ҳалсны Аԥсныҟа ҳааит. Усҟантәи аибашьра иазкны имаҷымкәа адокументалтә фильмқәа ҭыхуп. Аиҿагылара ӷәӷәа цон хымш рыҩныҵҟа. Иара иалнаршеит афашистцәа ԥхьацаны Тҟәаԥсҟаи Шәачаҟаи рынамышьҭра", ҳәа еиҭеиҳәоит Широких.

Акциа иалахәуп 15-ҩык амаланыҟәарныҟәаҩцәа.

"Ҳара ҳарҭаауеит ҟәбантәи акорпус агәалашәаратә ҭыԥқәа. Ишҳалшо ала манумент-цыԥхьаӡа ҳаҭаауеит, ҳаангылоит", иҳәеит акциа алахәыла.

"Ҳара ҩымз рыҩныҵҟа 4,5 нызқь километра ахысра ҳҽазкны ҳаҟоуп", ҳәа азгәеиҭоит Широких.

Аԥсны ашьҭахь аекспедициа алахәылацәа неираны иҟоуп Қырҭтәыла, Азербаиџьан, Даӷьысҭан, Чечниа, Ставропольтәи атәылаҿацә, Ростовтәи аобласт. Акциа хыркәшахоит цәыббра 13 рзы, Краснодартәи атәылаҿацә 80-шықәса ахыҵра амш аҽны.

Ажәабжьқәа зегьы
0