Ахба: иӡыз атурист имаршрут азыҟаҵара бзиа змоу роуп анысра зылшо

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист Андреи Лихачиов гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц. Ари амаршрут азыҟаҵара бзиа змоу роуп анысра зылшо, иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Асеиԥш иҟоу амаршрутқәа асовет аамҭазы еиҿкааз роуп. Иахьазы рхархәара маҷуп. Еималахьеит. Уи адагьы Николаи Бондариов имҩангаратә шәҟәы "Аԥсны ашьхақәа рҟны" аҟны иарбоу акоординатқәа зегьгьы иашаны иҟам рҳәоит иара зхы иазырхәахьо", — иҳәоит Ахба.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы иазгәеиҭеит, дарбанызаалак атурист Аԥсны АҶА ашәҟәы иҽҭеиҩыроуп ашьхатә маршрут анысра игәҭакызар.

Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист иԥшаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист иԥшаара иаҿуп

Москватәи аобласт аҟны инхоз Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Лихачиов иԥшаара иаҿуп. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа иара дахьынхоз ақалақь Раменски аҟынтәи аинформациа роуит ԥхынгәы 9 рзы аҳәаа иахысыз Андреи Лихачиов ихабар ыҟам ҳәа.

Аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Усҟан иара иҳәеит зегь бзиоуп ҳәа. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан", — иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит аинформациа шроузҵәҟьа аԥшаарақәа ишрылагаз, аха макьаназы лҵшәа шыҟам. 

Ажәабжьқәа зегьы
0