Фазиль Искандер ибаҟа аадыртит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФазиль Искандер ибаҟа аадыртит
Фазиль Искандер ибаҟа аадыртит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ибаҟа аартраан иҟан иуацәа-иҭахцәа, ашәҟәыҩҩцәа, арҿиаратә интеллигенциа, ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭа абзиабаҩцәа.

АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара далҵижьҭеи шықәсык аҵра инамаданы, ԥхынгәы 31 рзы Новодевичие аԥсыжырҭаҿы иаадыртит ашәҟәыҩҩы ибаҟа. Фазиль Искандер ибаҟа аартраан иҟан иуацәа-иҭахцәа, ашәҟәыҩҩцәа, арҿиаратә интеллигенциа, ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭа абзиабаҩцәа. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Абаҟа аартраан иҟан иуацәа-иҭахцәа, ашәҟәыҩҩцәа, арҿиаратә интеллигенциа, ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭа абзиабаҩцәа. Абаҟа ҟаҵоуп Марина Ешԥҳа лскульптуратә портрет ашьаҭала", — лҳәеит аминистр.

Аскульптуратә портрет ҟаҵан 1966 шықәса рзы.

"Абаҟа аартраан акыр ажәа-ԥха ҳәан. Иазгәаҭан Фазиль Абдул-иԥа ирҿиамҭақәа ирылхны ԥхьаҟа аспектакльқәеи афильмқәеи шаԥҵахо", — лҳәоит Арсалиаԥҳа.

Афилолог Ладикәа Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Адлеиба Фазиль Искандер изкны: уамакала ицәымӷын агәкажьра

Абаҟа аартра ацеремониа иалахәын аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Искандер Ифонд адиректор Шьазина Агрԥҳа.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны.

Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура". Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0