"Ты супер! Танцы" Аԥснытәи алахәылацәа: қәҿиарала ҳшықәгыло шәақәҳаргәыӷуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәларбжьаратәи аконкурс "Ты супер! Танцы" алахәылацәа
Жәларбжьаратәи аконкурс Ты супер! Танцы алахәылацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аконкурс "Ты супер! Танцы" акастинг иазкны амультимедиатә центр Sputnik Аԥсны аҟны имҩаԥысит апресс-конференциа.

АҞӘА, нанҳәа 1– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥснынтәи апроект "Ты супер! Танцы" иалахәхоит 13-шықәса зхыҵуа Милена Тачулиаԥҳаи Леон Қапбеи, лҳәеит апресс-конференциа аартуа Sputnik Аԥсны апресс-маӡаныҟәгаҩ Милана Возԥҳа.

"Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсныи ателеканал НТВ-и еицымҩаԥыргеит акастинг. Ҳара агәахәара ду ҳнаҭоит апроект иахьалахәхо 13-шықәса зхыҵуа Милена Тачулиаԥҳаи Леон Қапбеи. Урҭ уаҵәы Москваҟа амҩа иқәлоит", — лҳәеит апресс-маӡаныҟәгаҩ.

"Миленеи Леони Sputnik Аԥсны апресс-центр ахь иааҳаԥхьеит. Ара имҩаԥган авидеоеимадара. НТВ акнал ахареографцәа дара адҵақәа рырҭон. Еиуеиԥшым амузыка иацкәашон. Ахәыҷқәа заанаҵы иалкааны кәашарак рҽазыҟаҵан иҟамызт. Ирыдырҵоз нарыгӡон. Миленеи Леони ахореографцәа ирарҳәоз зегьы ишахәҭаз иҟарҵон", — ҳәа еиҭалҳәоит Возԥҳа.

Леон Қапба апресс-конференциаҿы еиҭеиҳәеит хышықәса анихыҵуаз инаркны акәашара дшаҿу, аха зегь раасҭа игәы иақәшәо аԥсуа кәашарақәа шракәу.

Милена Тачулиаԥҳа еиҭалҳәеит акастинг аан амилаҭ кәашара шыналыгӡоз.

"Акәашара абжаранӡагьы сымнеицкәа ахареографцәа исарҳәеит аклассикатә кәашара насыгӡарц. Урҭ акәашарақәа дара-дара зынӡаскгьы еиԥшым. Иара убас арҵаҩы дсазҵааит апуантқәа бызрықәгылома ҳәа. Сара исҳәеит амилаҭ кәашарақәа реиԥш аклассикатә кәашарақәагьы сшыкәашо, хип-хоп бзиа ишызбо иара убасгьы абалет акәашарагьы сыҽшазысшәо".

Милена ԥшьышықәса лхыҵуеижьҭеи дкәашоит. Акәашара лара илыԥсҭазаараны илбо далагахьеит.

Апресс-конференциахь Миленеи Леони дрықәныҳәарц дааит амузыкатә проект "Ты супер!" аҿы аиааира згаз Валериа Адлеиаԥҳа.

"Ишәыдысныҳәалоит. Асеиԥш иҟоу апроект алахәра иааирак еиԥшуп. Шәара уа аус шәыдырулалоит арҵаҩцәа, ахареографцәа. Шәрабадырраны иҟоуп шәықәлацәа. Мҩамш!", — лҳәеит Лера.

Акәашаҩцәа қәыԥшцәа ирҳәеит ирылшо зегь шыҟарҵо ишахәҭоу еиԥш.

Милена Тачулиаԥҳаи Леон Қапбеи акастинг аан еибадырит. Урҭ уаанӡа еицымкәашацызт. Адует раԥхьатәи ахәаԥшыҩцәа ракәхеит Sputnik ахь инеиз ажурналистцәа.

Ателеканал НТВ-и, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, ателехәаԥшцәа иҟарҵаз аҳәарала иаздырхиоит апроект "Ты супер! Танцы". Апроект алахәылацәа ироуеит алшара атәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара.

Ашоу Ты супер! Танцы - Sputnik Аҧсны
Ашоу "Ты супер! Танцы": дарбанызаалак ихы ааирԥшразы алшара имоуп

Аконкурс алахәразы рымчқәа ԥыршәон 13 тәыла: Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Латвиа, Молдавиа, Таџьыкистан, Туркмениа, Узбекистан, Украина, Аԥсны рҟынтәи акәашаҩцәа.

Зегь иреиҵбу алахәыла быжь-шықәса лхыҵуеит, иреиҳабу – жәаа-шықәса. Апроект иалахәхо зегьы аҟыбаҩ ҷыда змоу хәыҷқәоуп.

"Ты супер! Танцы" – ари лшароуп ауаа рацәа урдырразы, адунеи зыхьӡ ахыҩхьоу ахореографцәа аус рыцуурцаз, аҩызцәа ҿыцқәа уоурц.

Иаарласны, 145-ҩык апроект алахәылацәа еизоит Москва, иалагоит аҽазыҟаҵаратә аамҭа. Ахаарԥшразы ахәыҷқәа ацхыраара рырҭоит апрофессионалтә хареографцәа, арҵаҩцәа.

Ателерадиоеилахәыра НТВ-и амаҵзура Sputnik-и, имҩаԥырго жәларбжьаратәи аконкурс еиднакылоит Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Балтиа атәылақәа рҟынтәи аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа, иагьырнаҭоит алшара аԥеиԥш лашазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0