Гагра Ахада: акурорттә сезон ҳақәымҿиеит уҳәар ауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аԥсшьара
Аԥсны аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Ахада Заур Бганба сынтәатәи атуристтә сезон аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит асезон ҳақәымҿиеит ҳәа.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Гагра араион Ахада Заур Бганба сынтәатәи атуристтә сезон аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит асезон ҳақәымҿиеит ҳәа.

"Абиуџьет алагьы избоит иахьынӡаҳақәымҿиаз. Ҵыԥхтәи ашықәс иадукылозар, 37 миллион мааҭ ҳаиҵоуп. Ашәахтәқәа реиҳарак акурортқәа рҟынтә ауп иахьҳауа. Ҳара уажәы иҳауа адыррақәа рыла акурорттә обиектқәа рыбжаранӡоуп иахьҭәу", — иҳәоит иара.

Нанҳәамзазгьы асасааирҭақәа зегьы ирыхәҭоу аҭааҩцәа роуам, иҳәоит Ахада.

"Иалшоит цәыббреи жьҭаареи рзы уаанӡатәи арбагақәа рахь ҳкылсыргьы. Аха уажәтәи ҳцәыӡқәа рхарҭәаара уадаҩхашт", — иҳәоит Бганба.

Араион Ахада иазгәеиҭоит Аԥсны атуристцәа ргәы иақәшәо иҟалоит амаҵзурақәеи ахәԥсақәеи рыҩаӡара ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа ирнаало ианыҟало.

"Ацқьара, асервис, амаҵзурақәа: абарҭ зегь рганахь ала Ҭырқәтәыла аасҭа акыр ҳаиҵахоуп. Иҟаҳҵаша рацәаӡоуп атуризм аусхк ашьҭыхразы", — иҳәоит Ахада.

Иара убасгьы аҵакы дуны ишьоит ахәԥсеиҿкаара.

"Ҳара ҳҟны зегь рыхәԥса ҳаракуп. Еилыскаауеит ус изыҟоугьы – ирацәоуп аҳәаанхыҵынтәи иаарго, аха ауаа еилыркаауазароуп атәыла анапхгарагьы ирылшо зегьы шыҟарҵо аҭыԥантәи аалыҵ ара ахархәара аиурц", ҳәа дцәажәоит Бганба.

Заур Бганба иара убасгьы агәыӷра ирҭоит аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы атуристцәа рхыԥхьаӡара аиҳахара.

Ажәабжьқәа зегьы
0