Урыстәылатәи аруаа аԥжәарақәа ахьыҟалаз ацхыраараз инеиит

© Фото : МЧС АбхазииУрыстәылатәи аруаа аԥжәарақәа ахьыҟалаз ацхыраараз инеиит
Урыстәылатәи аруаа аԥжәарақәа ахьыҟалаз ацхыраараз инеиит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа рҟны нанҳәа 2 асааҭ 16:30 мск рзы аԥжәарақәа ҟалеит. Ааха зауз рхыԥхьаӡара ашьақәыргылара иаҿуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Атәылахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа рҟны нанҳәа 2 асааҭ 16:30 мск рзы аԥжәарақәа ҟалеит. Урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база аруаа аԥжәарақәа ахьыҟалаз ацхыраараз инеиит, ҳәа ҳаиҳәеит Игорь Егоров.

"Ҳара арахь ҳааиит аԥжәарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхраҿы ацхырааразы. Ауаа рахыгара аҭахны иҟалар, БТР-қәа хԥа хианы игылоуп, амцарцәаратәи ацхыраара ласи амашьынақәа ҳамоуп", — иҳәеит Егоров.

Аҭыԥ ахь днеиит Аԥыза-министр Беслан Барцыц.

"Иахәҭоу зегьы аҟаҵара ҳаҿуп ауаа ршәарҭадара аиҿкааразы, ацхыраара рыҭаразы" ҳәа Sputnik акорреспондент илеиҳәеит Беслан Барцыц.

20-ҩык рҟынӡа Аҟәеи Гәдоуҭеи ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0