Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы акомиссиа аԥҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба иқәҵарала аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп
Рауль Ҳаџьымба иқәҵарала аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа рҟны нанҳәа 2 асааҭ 16:30 рзы аԥжәарақәа ҟалеит. Нанҳәа 3 ашьыжь, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа иҭахаз атуристцәа рыԥсыбаҩқәа рбеит.

АҞӘА, нанҳәа 3 — Sputnik. Рауль Ҳаџьымба иқәҵарала аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

"Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхрази, аԥжәара иахҟьаны аԥхасҭа зауз рыԥхасҭа ахышәа-ҵышәа ашьақәыргыларази Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп. Акомиссиа напхгара аиҭоит Аԥыза-министр Беслан Барцыц", ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Уаанӡа, нанҳәа 2 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан иҟоу Аҧсны Атәылахьчара аминистрра иатәу аџьаҧҳанышьҭаҵарҭа аҧжәара азҵаара инамаданы аоперативтә еилатәара мҩаҧигеит.

Рауль Ҳаџьымба иҭахаз рҭаацәа дрыдашшылеит - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба иҭахаз рҭаацәа дрыдашшылеит

Аилатәараҟны Ахада Аҧыза-министр Беслан Барцыц дҵаны изықәиргылеит иҷыдоу акомиссиа аҧҵара, ауааҧсыра ироуз аҧхасҭеи урҭ ирыҭатәу акомпенсациеи ршәагаа ашьақәыргыларазы, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаагьы убрахь иналаҵаны. Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа дҵас ииҭеит ахҭыс иахҟьаны згәабзиара ааха аиуз ауаа аминистрра ахарџь ала ацхыраара рыҭаразы.

Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариа идиҵеит Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭа иахьаҵанакуа иҟоу Аҧсны Атәылахьчара аминистрра иатәу аџьаҧҳанышьҭаҵарҭа аҧжәара иахҟьаны аҧхасҭа зауз аҩнқәа рҟны зыҧсы зшьоз аҧсшьаҩцәа даҽа ҭыҧк аҟны рнырхара азҵаара аӡбара.

Аилатәара анхыркәшаха ашьҭахь, Аҳәынҭқарра Ахада ааха зауз ауааҧсыра ахьышьҭоу Аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭа даҭааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0