Џьоџьуа: аџьаԥҳаны аҵәахырҭа ашәарҭадара анормақәа ирықәшәо иҟан

© Рустам ЧочуаАтәылахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа рҟны нанҳәа 2 асааҭ 16:30 рзы аԥжәарақәа ҟалеит
Атәылахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа рҟны нанҳәа 2 асааҭ 16:30 рзы аԥжәарақәа ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа рҟны нанҳәа 2 асааҭ 16:30 рзы аԥжәарақәа ҟалеит. Нанҳәа 3 ашьыжь, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа иҭахаз атуристцәа рыԥсыбаҩқәа рбеит.

АҞӘА, нанҳәа 3 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Атәылахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа ашәарҭадара анормақәа ирықәшәо иҟан, абри атәы ааицҳауеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Роланд Џьоџьуа.

"Ашәарҭадара анормақәа зегьы азгәаҭан иҟан. Иаалрҟьаны аԥжәара зыхҟьаз ҳәа макьана иҳаздыруам, ашьақәыргылара ҳаҿуп. Атәылахьчара аминистрраҟны еиҿкаауп аусуратә гәыԥ. Агәаҭарақәа анхырқәшахалак анаҩсан еилкаахоит аԥжәара зыхҟьаз", —  иҳәеит Џьоџьуа.

Рауль Ҳаџьымба иқәҵарала аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп. 

Аахақәа зауз рҟынтәи ареспубликатә хәышәтәырҭахь иаагоуп 17-ҩык, 8-ҩык ахәышәтәра иахысуеит, егьырҭ раԥхьатәи ацхыраара анрырҭа ашьҭахь рыҩныҟақәа иоушьҭуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инагоуп 44-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭахь 3-ҩык, Афон ҿыцтәи ахәышәтәырҭахь ҩыџьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0