Иҭахаз рҭаацәа акомпенсациақәа рызшәахоит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИҭахаз рҭаацәа акомпенсациақәа рызшәахоит
Иҭахаз рҭаацәа акомпенсациақәа рызшәахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба нанҳәа 3 рзы аоперативтә еилацәажәара мҩаԥигеит аҭыԥ змаз аԥжәарақәа рыхҟьа-ԥҟьа аԥыхра азҵаарақәа рзы.

АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр атәыла Ахада адырра ииҭеит иҭахаз атуристцәа рҭаацәа хәышә-хәышә нызқьмааҭ аԥара шрызшәахо. Абри атәы аалыцҳаит Аԥсны Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡыԥҳа.

Аԥсны аиҳабыра рхахьы иргоит иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥсадгьыл ахь рнагара. Аԥжәара ааха знаҭаз аԥсшьаҩцәа зыҩназ ахыбрақәа рҟынтәи ииагоуп аҽа ҭыԥқәак рахь.

Аԥсшьаҩцәа рҟынтәи аӡәы заҵәык илҳәеит лыԥсшьара ара ацҵара лгәы ишҭам.

Аԥжәара ааха знаҭаз ахыбрақәа аҳәынҭқарра абиуџьет аҟынтәи еиҭашьақәыргылахоит. Ааха зауз акомпенсациа рызшәахоит.

Атәыла Ахада адҵа ҟаиҵеит ареспубликаҿы иҟоу арратә обиектқәа зегьы рҭагылазаашьа гәаҭахарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0