АҶА ауаа ргәы рҽанырҵоит иԥжәар зылшо амаҭәарқәа аанханы иҟазар шауа азы

© SputnikАҶА ауаа ргәы рҽанырҵоит иԥжәар зылшо амаҭәарқәа аанханы иҟазар шауа азы
АҶА ауаа ргәы рҽанырҵоит иԥжәар зылшо амаҭәарқәа аанханы иҟазар шауа азы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА иԥжәар зылшо амаҭәарқәеи ахимиатә маҭәашьарқәеи реиҵыхра аҟәша аусуҩцәа Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан игылоу аҩнқәа жәпакы рҟны ирбеит аминақәеи аџьаԥҳани.

АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. АҶА ауаа ргәы рҽанырҵоит иԥжәар зылшо амаҭәарқәа аанханы иҟазар шауа азы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Дара ауааԥсыра иреилдыркаауеит азанааҭуаа неиаанӡа рбо амаҭәарқәа ирыламкьысырц.

Асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан аҭел асра алшоит абарҭ аномерқәа рыла:

+7(840)226-30-49, 911, 001, 112.

Аԥшьаша, нанҳәа 3 рыҽны аҭыԥ аҿы аус зуаз аминистрра аусзуҩцәа ирбеит хыԥхьаӡара рацәала аминақәа, аџьаԥҳаны.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра еиҭарҳәоит рашҭақәа рымхурсҭақәа ишырҭаҳаз хыԥхьаӡара рацәала аминақәеи аснариадқәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0