Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥжәараан иҭахаз рыԥсыбаҩқәа Петербургҟа ишьҭуп

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥжәараан иҭахаз рыԥсыбаҩқәа Петербургҟа ишьҭуп
Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥжәараан иҭахаз рыԥсыбаҩқәа Петербургҟа ишьҭуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа рҟны нанҳәа 2 асааҭ 16:30 рзы аԥжәарақәа ҟалеит.

АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥжәараан иҭахаз Санкт-Петербургнтәи атуристцәа рыԥсыбаҩ иахьа, нанҳәа 4 рзы рыԥсадгьыл ахь иргоит. Абри атәы ҳзааицҳаит АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ Мизан Ломиа.

Нанҳәа 3 ашьыжь, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа иҭахаз атуристцәа рыԥсыбаҩқәа рбеит.

"Аԥшьаша ашьыжь аԥшааҩцәа аԥжәара ахьыҟалаз ааигәа-сигәа аԥшаарақәа анымҩаԥыргоз ирбеит ҩыџьа атуристцәа рыԥсыбаҩқәа", — иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Мизан Ломиа.

Иҭахаз Санкт-Петербургтәи атуристцәа: Елена Полиакова, 1970 шықәса рзы иизи Елена Тимофеева, 1962 шықәса рзы иизи роуп.

Нанҳәа 3 асааҭ 9 рзы ахәышәтәырҭақәа рахь инаган 64-ҩык ауаа. "Аахақәа зауз рҟынтәи ареспубликатә хәышәтәырҭахь иаагоуп 17-ҩык, 8-ҩык ахәышәтәра иахысуеит, егьырҭ раԥхьатәи ацхыраара анрырҭа ашьҭахь рыҩныҟақәа иоушьҭуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инагоуп 44-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭахь 3-ҩык, Афон ҿыцтәи ахәышәтәырҭахь ҩыџьа.

"Асааҭ 13.00 (12.00 мск) рзы Аҟәантәи аԥсыбаҩқәа Адлерҟа амҩа иқәырҵеит. Урҭ уахьынтәи асааҭ 20.00 рзы Санкт-Петербургҟа иргоит", — иҳәеит Ломиа, иара убри аан иазгәеиҭеит атранспорттә харџьқәа зегьы атәыла анапхгара рхахьы ишыргаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0