Ажурнал ҿыц "Абхазский берег" аҭыҵра иалагеит

© Fotolia / SebraАжурнал ҿыц "Абхазский берег" аҭыҵра иалагеит
Ажурнал ҿыц Абхазский берег аҭыҵра иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхдырыҩ, археолог, аҭыжьыҩ Наталиа Милованова Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны аҭоурых иазкны ажурнал аҭыжьра шыҟалаз атәы.

АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажурнал "Абхазский берег" аҭыжьра иалагеит сынтәа инаркны, ҳәа лҳәеит Наталиа Милованова.

"Сара сзы ари ажурнал аполиграфиатә литература иаобиект ҿыцуп", — лҳәеит лара.

Лара лажәақәа рыла макьаназы актәи аномер ауп иҭыҵхьо.

"Иазыԥхьагәаҭоуп ажурнал шықәсык аҩныҵҟа ҩынтә иҭыҵларц. Сынтәа актәи аномер ауп иҭыҵыз", — лҳәоит Милованова.

Ажурнал аҭыжьра аидеиа Наталиа Милованова илызцәырҵит хәышықәса раԥхьа.

"Аха аамҭа сымамызт, насгьы исыдгылоз дсымамызт. Сынтәа еицырдыруа ажурналист Надежда Венедиктова илыбзоуроуп сыгәҭакы анагӡара. Лара лоуп редактор хадасгьы иҟоу", — лҳәоит Милованова.

Наталиа Милованова лажәақәа рыла ажурнал аԥсуа ԥсҭазаара иазкуп.

"Иараҟны иаҳкьыԥхьлоит аҭоурых, аетнографиа, аԥсабара, архивтә материалқәа", — лҳәоит лара.

Номерцыԥхьаӡа аҟәшақәа хаз-хазхоит, ҳәа еиҭалҳәоит аҭыжьҩы.

"Ажурнал аҿы аҭоурыхдырыҩцәа, агеографцәа, аҭҵааҩцәа русумҭақәа ркьыԥхьуа иҟалоит", — лҳәеит лара.

Наталиа Милованова иара убасгьы иҭлыжьхьеит афотоальбом "Полет над Абхазией", "Легенды Абхазии", афотоальбом "Христианские храмы Абхазии", ашәҟәы "Абхазия. Апсны", ашәҟәы "Абхазия христианская".

Ажәабжьқәа зегьы
0