Ҳаџьымба афестиваль алахәылацәа дырԥылеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаРауль Ҳаџьымба XVI амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит..." алахәылацәа дырԥылеит
Рауль Ҳаџьымба XVI амузыкатә фестиваль Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит... алахәылацәа дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XVI амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит..." Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит нанҳәа 6 асааҭ 20:00 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 7 – Spuntik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба XVI амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…" алахәылацәа дырԥылеит.

Сынтәа афестиваль иалахәхоит москватәи акамертә оркестр "Musica Viva" (адирижиор Фабио Мастранџьело), Хьыблы Гьерзмаа лысасцәа – атенор Алексеи Татаринцев, меццо-сопрано Агәында Кулаева.

"Ҳара ҳаигәырӷьоит ҳахьӡ ҭызго аиаҵәахә дахьҳамоу. Ҳара ҳгәы аладууп есышықәса абри аҩыза афестиваль аԥсны иахьымҩаԥысуа. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит абри ауснагӡатә ԥхьаҟагьы аҿиара аиурц", — иҳәеит атәыла Ахада.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ахәаԥшыҩцәа насыԥ ду шроуа агәра шиго.

"Иахьа ишәыдаагалоит акырӡа иԥшӡоу аконцерт. Сара сеигәырӷьоит афестиваль аинтерес ду ахьамоу", — лҳәеит Хьбла Гьерзмааԥҳа.

Лара иара убасгьы иазгәалҭеит Аԥсны аконцерттә зал ду аҭахуп ҳәа.

Фабио Мастранџьело, Алексеи Татаринцев, Агәында Кулаева атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәеит рысасдкылара ԥхазы.

XVI афестиваль иалоуп Гаетано Доницетти, Джузеппе Верди, Джакомо Пуччини рырҿиамҭақәа.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Мориц.

Ажәабжьқәа зегьы
0