Иуџьаль Гәымԥҳа: сахьцалак иҿымцәаауа ашәҭ афҩы хааиԥш исыцуп ажәытә аамҭа

© Foto / Сырма АшәԥҳаҬырқәтәыла Каиалар ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Иуџьаль Гәымԥҳа
Ҭырқәтәыла Каиалар ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Иуџьаль Гәымԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла Каиалар ақыҭаҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Иуџьаль Гәымԥҳа лабдуцәа рџьынџь дгьыл лгәы шазыбылуа дазааҭгылоит. Дҭаацәароуп,ҩыџьа ахшара дрануп, Малан ақыҭаҿы Қапаа дырҭацоуп, Аԥсныҟа даахьеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Атәым тәылаҿы инхо аԥсуаа, рхатәы бызшәала ианцәажәо, Аԥснынтә инеиуа аԥсуа изы гәеизҳароуп. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Каиалар ақыҭаҿы сара исықәшәа Иуџьаль Гәымԥҳаи сареи ҳаиҿцәажәара. 

"Аԥсуа бызшәа цәгьа бзиа избоит, сагьцәажәоит аԥсышәала. Сара саныхәыҷыз сандуцәа рааигәа сыҟан есымша. Саб иан Цәеиԥҳан, Ҳаџьра лыхьӡын. Сан лангьы д-Аҩӡԥҳан, Ҭензилиа лыхьӡын. Урҭ рҩыџьагьы ҳара ҳҿы иҟан. Сан дыԥҳазаҵәын, сабду даныԥсы, сандугьы ҳара ҳҿы дааит нхара. Сани лареи ҳаицырааӡеит. Ҳаиҳабацәа усҟан аҭырқәшәа рҳәаӡомызт, аԥсшәа мацарала ицәажәон. Ах, закәытә аамҭа ҳалалузеи сызхаану! Ауаа хазынақәа, ауаа ҟәышқәа, ҳбыргцәа хатәрақәа, урҭқәа зегьы рбара сыԥсҭазаара ҳазшаз разҟыс иалеиҵеит", — гәыблыла дҳацәажәон Иуџьаль. 

Назми Лазба, ихыҵуеит 90 шықәса, дынхоит Ҭырқәтәыла. - Sputnik Аҧсны
Назми Лазба: аԥсуа дахьаԥсыуаҵәҟьоу Аԥсноуп

Иуџьаль лгәы иаланы илҳәеит, лара данхәыҷыз леиҳабацәа рҟынтә аԥсшәа лҵазаргьы, еидтәаланы ажәытә жәабжьқәа, алакәқәа анеибырҳәалоз, цқьа лхы иҭагаланы дшазымӡырҩуаз. Уи аамҭа уажәы цәгьа ихьаалгоит. 

"Уажәтәи сыхшыҩ ала сӡырҩыр, слымҳа иҭахо сӡырҩуан. Ҳара ҳҭаацәа аԥсуа хәқәа пату рзақәуп. Ашларҟәында ҳәа ак ҟарҵалон ажәытәан. Уи уаҩы издырӡом, арахьгьы иӡшәа иҟоуп. Аџьықәреи шыла иалхны абысҭа ырқаҭқаҭо иҟаҵаны, арашы асаан иқәҭәаны иргьежьуа иргьежьуа иаларҭәон абысҭа ируаз. Убри ашларҟәында ҳәа иашьҭан. Амалаи ҳәа изышьҭоу, абысҭа ԥшқа, абырфын лыхәда икылхны иҟарҵон. Уигьы ашьақар, акакан хны иақәрыԥсон. Ачамықәа ҟарҵон, уажәы саргьы изулоит, аха урҭ реиԥш егьсзыҟаҵом. Аԥсуа хәқәа рызегьы ҟаҳҵоит арахь. Ачаҩыргьы ҟарҵон. Аҟаб агәҭа иҭыхны ахш ахҷаҭ ҭарҵон, ашәаӡа алаҵаны идырҭәуан. Ианҭәлак ашьҭахь, ацәа ала иршьыхуан ахахьы, ус идырԥшуан, ианмазеихалак абысҭа инадкыланы иуфон. Схәыҷра аҟынтәи издыруа урҭқәа роуп, егьсхашҭраны сыҟам. Сахьцалак иҿымцәаауа ашәҭ афҩы хааиԥш исыцуп", — ажәытә аамҭа далацәажәон аԥсуа ԥҳәыс.

Аԥсуа ԥҳәыс аҭаацәара уасхырс дамоуп, лҭакԥхықәра рацәоуп. Аԥсуа ԥҳәыс лыхьӡ-лыԥша ажәлар рҿы пату ақәны иҟазароуп. Ус илыԥхьаӡоит Иуџьаль.

"Аԥсуаа рыҳәса пату рықәырҵоит, рнапы иқәыргыланы ирбоит. Уажәы ара ҳазлатәоу атәым милаҭ рыҳәса рызнеишьа ҽакуп, ирықәгәамҵуеит, раҳаҭыр ларҟәны ирацәажәоит. Аԥсуа уи аҩыза ихы егьаҭәеишьом. Ҳара ҳажәлар ахдырра рымоуп. Аԥҳәыс аҩнус абара лыхәҭоуп. Аԥҳәыс дзаҵәызар, зегьы лара лнапы иҵылхыроуп. Сара саб адәахьы акриуан. Сан лакәын зегь ҟазҵоз. Аха ҭаацәак рныҟәгареи, лышҭа лгәара ицқьаӡа аныҟәгара дақәшәон. Уи сара еснагь ҿырԥшыс дсымоуп", — лҳәеит Иуџьаль Гәымԥҳа. 

Орҳан Ашамба иԥҳа Зеррин Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Зеррин Шамԥҳа: "Ацынҵәарах" санаԥхьо даҽакала сҟалоит, ҿыц саԥхьоушәа исзааиуеит

Аԥсышәала ибзианы сцәажәоит, аха аԥсуара ишахәҭоу аныҟәгара мариаӡам, ахарҭа дууп_ҳәа азгәаҭо, Иуџьаль абар илҳәо:

"Аԥсуара ҳаԥхьа игылазароуп. Аҭырқәшәа аҟынтә аԥсшәахь еиҭаган жәаԥҟак сҳәоит: "Ауаҩра, ауаҩышьа аԥхьа игылоуп аԥсуара". Ажәлар рҿы иуаау, зегьы аԥсацәа иреиуошәа исзааиуеит. Аԥсуара Аԥснынтә иааз ауп. Амаашьара, агәаӷьра, аԥхашьара, ауаҩра, арҭқәа зегьы рныҟәгара анулша, уаԥсыуамкәа, узусҭа?!  

Ҳхы иаваҳбо, ҳҿар аԥсшәа рымҵаӡеит. Уи ҳара иаҳхароуп. Схәыҷқәа ҿыԥныҳәас исырҭоит аԥсшәа ахьыдсмырҵаз. "Ҳара ӡәыр мчыла иаҳирҵама, шәара шәхала ишәҵандаз", сҳәоит саргьы саарызгәамҵуа. Сара стәала сраӷьуеит, аха аиаша рҳәоит. Уажәы шәареи сареи аҷҷаҳәа аԥсышәала ҳаицәажәоит, ас ҳзымеицәажәондаз, агәыбылра егьҳабжьаломызт. Аԥсшәоуп абри зегьы ҟазҵаз, аԥсшәа амч ӷәӷәоуп. Ҳаԥсшәа еиԥш ихаау ари адунеи аҿы иҟоузеи?! Уанхәыҷу улымҳа иҭалаз ауп иухамшҭуа", — лцәажәара иацылҵон Иуџьаль. 

Лыԥсадгьыл дазгәышьуа, Иуџьал лҭоурыхтә ԥсадгьыли лыуаажәлари рахь асалам аалышьҭуеит.

"Аԥсны сара ҩынтә снеихьеит, гәыла-ԥсыла игәхьаазгоит, сашьцәа саҳәшьцәа. Аҭаҳмадацәа, абыргцәа рыла аҭоурых зҳәаша ыҟазар сҭахуп. Аҭоурых ҭызҵаауа ыҟоуп хымԥада, аха ҳнеидтәаланы ҳаицәажәартә еиԥш, ажәытә жәабжьқәа еибаҳҳәартә еиԥш аҭагылазаашьақәа ҟаҵатәуп. Адунеи аҿы ԥшӡарас иҟоу аибабароуп, агәыбылроуп", — абас лцәажәара ныхлыркәшеит Иуџьаль Гәымԥҳа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0