Аҳҭнықалақь Ахадара хәыда-ԥсада аекскурсиақәа рымҩаԥгара иацрҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳҭнықалақь Ахадара хәыда-ԥсада аекскурсиақәа рымҩаԥгара иацрҵоит
Аҳҭнықалақь Ахадара хәыда-ԥсада аекскурсиақәа рымҩаԥгара иацрҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак апроект "Абхазия глазами молодежи" иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы.

АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Апресс-конференциаҟны аилак аҟаза хада Есма Кәыҵниаԥҳа илҳәеит аилак ишеиҿнакаауа хәыда-ԥсадатәи аекскурсиақәа аҿар рзы аҭоурыхтәи, аԥсабаратәи, архитектуратәи баҟақәа рбаразы.

Апроект иалахәхар алшоит 14 — 35 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаа. Иахьазы аус рыдулоуп ахырхарҭақәа быжьба.

"Сынтәа ихацыркхеит ахырхарҭа ҿыц – Тҟәарчал. Уаанӡа ҳара уахь аекскурсиақәа мҩаԥаҳамгацызт. Аҿар ракәым ҳара адуцәагьы иаҳзымдыруа аҭыԥқәа акыр ирацәоуп", ҳәа азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аҟаза хада Оксана Пачлиаԥҳа иазгәалҭеит аекскурсиақәа рахь аҿар жәпаҩык рыҽшанырҵо. Иаҳҳәап ҵыԥх аԥхын аамҭазы аекскурсиақәа рхы рыладырхәит 400-ҩык рҟынӡа аҿар.

"Ахырхарҭақәа зегьы акыр аинтерес рыҵоуп. Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа азыҟаҵара бзиа рымоуп. Урҭ аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы реиҭаҳәашьа, рызнагашьа хазуп. Апроект "Абхазия глазами молодежи" захьӡаҳҵаз, Аԥсны ассиррақәа асасцәа рыдагьы аҭыԥантәи аҿаргьы ирбалар ҳҭахуп азоуп", — лҳәеит Пачлиаԥҳа.

Еиҳа инарҭбааны аекскурсиақәа ртәы аилкаара алшоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак асоциалтә ҳақәа рҟны адаҟьаҿы, уа иарбоу аҭелқәа рыла.

Апресс-конференциаҟны иазгәаҭан апроект мҩаԥысуеижьҭеи хәы-шықәса шыҵуа. Аекскурсиақәа рыдагьы ҵыԥх еиҿыркааит Риҵатәи аҳәырԥсарраҟны алагер.

"Сынтәа уи апрект ҳзынамыгӡеит, аха ҽааназы еиҳагьы инарҭбааны аиҿкаара ҳагәҭакуп. Иара убасгьы иаҳҭахуп атуристтә инвентар аахәаны ашьхаҟа ацара зҭаху хәыда-ԥсада арендла рыҭара. Ирацәаҩуп ашьхаҟа ацара зҭаху, аха урҭ иахәҭоу аинвентар рымам иара аахәарагьы уадаҩуп – ахәԥса ҳаракуп. Уажәыгьы ишҳалшо ала амшьамбатә қьалақәа раҳҭоит, ашьҭаларҭақәа раҳҭоит, аха ҳара ҳалшарақәа раасҭа изҭаху еиҳауп", — лҳәоит Ԥачлиаԥҳа.

Дара иара убасгьы иазгәарҭеит ԥхьаҟазы аекскурсиақәагьы еиҳа аиуеиԥшымзаара рыҭаны рхыԥхьаӡара аизырҳара шыргәиҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0