Аргылаҩцәа аҩнқәа реиҭашьақәыргылара иалагеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаАргылаҩцәа аҩнқәа реиҭашьақәыргылара иалагеит
Аргылаҩцәа аҩнқәа реиҭашьақәыргылара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приморское ақыҭан аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҿ иҟалаз аԥжәарақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауз ақыҭауаа ақыҭа Ахадарахь икылсит нанҳәа 10 рзы.

ПРИМОРСКОЕ, нанҳәа 10 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Приморское ақыҭан аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҿ иҟалаз аԥжәарақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауз аҩнқәа реиҭашьақәыргылара иалагеит. Зеиҭашьақәыргылара алшоны иҟоу аҩнқәа рҟны аусурақәа хацыркуп, иҳәеит Гәдоуҭа араион Ахадара аҟны иҟоу ақалақьтә ргыларатә еиҿкаара аиҳабы Дикран Хынҭәба.

"Раԥхьа ҳазлагаз аҩны Ахра Ҳалбад иҩноуп. Ахыб аремонт азаауит. Иахьа уаҵәы ҳусурақәа ҳрылгоит", — иҳәеит Хынҭәба.

Уажәазы аҩнқәа хәба рхыбқәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Арахь иааргоит аусурақәа рзы иаҭахны иҟоу аматериал.

Ирина Аҩӡыԥҳа лыҩны акыр ааха шамоугьы еиҭашьақәургылар ауеит ҳәа ахәшьара арҭеит аргылаҩцәа.

Приморское ақыҭа Ахадара аҿаԥхьахь ақыҭауаа еизеит. - Sputnik Аҧсны
Аԥжәарақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауз ақыҭауаа агәынамӡара аадырԥшуеит

"Аҩны еибгаз маҭәахә сызнымхеит. Аргылаҩцәа иахьа аматериал ааргеит, аусурақәа ирылагоит", — лҳәеит лара.

Ақыҭауаа ашәарақәа рыздырҵысуеит рышҭақәа, рымхурсҭақәа уҳәа рҟны иԥымжәакәа иаанхан иҟоу аџьаԥҳаны ахьықәгам. Еизаз рахь инеиз Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа иҳәеит иԥымжәаз аминақәеи аснариадқәеи амчыбжь аҩныҵҟа иалыршаны иқәгахоит ҳәа.

Аԥыза-министр иакәзар ақыҭауаа агәра диргеит аԥхасҭа зауз зегьы аԥаартә шәарақәа шырзыҟаҵахо, зыҩнқәа ықәырго аҩн ҿыцқәа шрыздыргыло.

Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҟны иҟалаз аԥжәарақәа ирыхҟьаны 60-ҩык рҟынӡа аахақәа роуит, ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа ҭахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0