Аҟәа имҩаԥысуеит аконцерт GRAND OPERA GALA

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа имҩаԥысуеит аконцерт GRAND OPERA GALA
Аҟәа имҩаԥысуеит аконцерт GRAND OPERA GALA - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа оператә шәаҳәаҩцәа ргәыҳалалратә проект GRAND OPERA GALA иазку апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы нанҳәа 11 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Апроект аҟны ахәаԥшыҩцәа ирбараны иҟоуп инарҭбаау, аоператә шәаҳәаҩцәеи адраматә актиорцәеи злахәу ашоу, ҳәа апресс-конференциаҟны еиҭеиҳәеит апроект аиҿкааҩ, ашәаҳәаҩ Саид Гобечиа.

"Сынтәатәи ҳконцерт иуникалу, иҷыдоу хҭысуп, избанзар арахь ааԥхьара раҳҭеит Шьукин ихьӡ зху атеатртә институт аҟны аҵара зҵо, аҟыбаҩ ҷыда, аҟазара ду злоу адраматә актиорцәа: Милана Ломиаԥҳа, Аманда Кәарцхьиаԥҳа, Аслана Киутԥҳа. Сгәы иаанагоит ахәаԥшыҩцәа агәахәара дуӡӡа роуп ҳәа", — иҳәоит Сад Гобечиа.

Иара иазгәеиҭеит апроект GRAND OPERA GALA аоператә шәаҳәаҩцәа ирыпроектны ишаԥҵаз. Иаразаҵәык ауп ареспубликаҿы аклассикатә шәаҳәара знапы алаку амузыкантцәа еизызгоны иҟоу.

Гобечиа иҳәоит, апроект асахьаҭыхыҩ Витали Қацәба илшарала ишаԥҵоу еиҭаҳәашьа змам адекорациақәа.

"Сынтәазы ари аконцерт ахԥатәи ауп. Сгәы иаанагоит ҽааны апроект иҵегь иҳарҭбаап ҳәа, егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы ашәаҳәаҩцәа ааҳаԥхьап ҳәа", — иҳәоит иара.

Авокалистцәа амузыкатә мҩаԥгара рзыруеит аоркестрқәа ҩба: Аҳәынҭқарратә камертә оркестри Шәачатәи асимфониатә оркестри.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Давид Терзиан ишиҳәо ала арепетициа ду мҩаԥыргараны иҟоуп.

Терзиан иажәақәа рыла, аконцерт апрограммаҿ аԥыжәара рымоуп италиатәи акомпозиторцәа Беллини, Россини, Доницетти уҳәа рырҿиамҭақәа.

"Иара убасгьы иҟалоит аԥсуа ашәақәа, аувертиура. Иахьатәи аконцерт мҩаԥаҳамгацт, арахь Саиди сареи ҽаантәи аконцерт шымҩаԥаагаша, ишеиҿаҳкааша ҳалацәажәоит", — иҳәоит адирижиор.

Иар аҽазныкгьы иазгәеиҭоит Аԥсны ахатәы симфониатә оркестр хымԥада ишеиҿкаатәу.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Нана Черқьезиаԥҳа иазгәалҭоит апроект GRAND OPERA GALA алахәра лара лзы даара аинтерес аҵаны ишыҟоу.

"Сынтәа адраматә актиорцәа апроект иахьалахәхо инадҳәаланы ҳапроект атеатр адунеигьы аҽаланаӡҩоит. Аоператә театр ҳамам. Ҳара оператә артистцәақәак раҳасаб ала атеатр аҿы аус аауазар ҳҭахуп. Апроект азы Саид ҭабуп ҳәа иасҳәоит. GRAND OPERA GALA иаҳнаҭоит алшара оператә шәаҳәаҩцәак реиԥш адагьы оператә артистцәақәак реиԥш ахаарԥшра", — лҳәоит ашәаҳәаҩ.

Нана иҳалҳәеит иналыгӡо ашәа иақәшәо ҷыдала ацәамаҭәа шылӡахыз.

"Чио-Чио-Сан насыгӡоит. Иҟоуп аҽа ашәакгьы, уа акастаньетқәа схы иасырхәароуп", — лҳәоит лара.

Апресс-конференциа алахәылацәа ааԥхьара ҟарҵеит асабша, нанҳәа 12, асааҭ 20 рзы GRAND OPERA GALA концерт ахь инеирц Аԥсны атәылауааи асасцәеи.

Аԥсуа оператә шәаҳәаҩцәа ргәыҳалалратә проект GRAND OPERA GALA иазку апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы нанҳәа 11 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0