Беқьыр Ашәба: ҳара ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсацәоуп, ҳаԥсадгьыл - Аԥсноуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Беқьыр Ашәба
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Беқьыр Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Беқьыр Ашәба, иахьа дынхоит Швеицариа. Иара игәалаиршәоит аибашьра ахҭысқәеи, Аԥсадгьыл ахь имоу агәҭахәыцрақәеи.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Беқьыр уажәшьҭа 15 шықәса инареиҳауп Швеицариа дынхоижьҭеи. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟнеиԥш, Швеицариа инхо аԥсуаа рацәаҩӡам. Иара дахьынхо аҭыԥ аҿы, иара ида уаҩ дыҟаӡам. 60 ҭаацәара рҟынӡа ыҟазар ҟалап иааидкыланы.

"Сара Женева аус анызуаз, Аԥснынтә аиҿцәажәарақәа рахь иаауаз аделегациа сбартә, срацәажәартә еиԥш алшара сыман. Уи сара сзы гәырӷьара дук иаҩызан. Ҳаԥсадгьыл аҟынтә ҳаиҳабацәа анаауаз, ҳбираҟ кны "Бзиала шәаабеит!" ҳәа ҳарԥылон", — ицәажәара хациркит Беқьыр. 

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Беқьыр Адаԥазар дыҟан. Ираҳаз ажәабжь рцәа иҭанарӡыӡеит, ирызхамҵоз аԥхыӡ еиԥш ирзааит.

"Аибашьра ианалага Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ҳаҟан. Аибашьра аԥхьа арантә астудентцәа Аԥсныҟа ицахьан, сашьагьы урҭ дрылан. Уа аԥсшьара мшқәа анроу, Ҭырқәтәылаҟа иааит. Ҳҩызцәеи ҳареи акаҳуажәырҭаҿы ҳаштәаз ауп, Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа шҳаҳаз. Аҭелқәа ыҟамызт, ажәабжь аилкаара уадаҩын. Аха, адернеқь ахь аҭел ҳасит, уа иҳарҳәеит иҟаз шыҟаз. Ишырҳәо еиԥш, "ашок" ҳауит.

Саим Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: ҳбызшәа аиқәырхара ҳаԥсадгьыл аҿы алацәажәара ԥхашьароушәа збоит

Сара 22 шықәса схыҵуан, сашьа Али 20 шықәса. Еицыз зегь ҳқәыԥшқәан, иҟан ҳара иҳаиҵбацәазгьы. Ақырҭқәеи ҳареи аиӷара шҳабжьаз ҳдыруан, аха ас аибашьра ҟалоит ҳәа ҳхахьгьы иаҳзаагомызт. Ирласны атакси ҳақәтәаны адернеқь аҿы ҳааит. Уа ҳанааи, уиаҟара ауаа ыҟаӡамызт, имаҷын. Аха, хәыҷы-хәыҷла еигәныҩуа, еизо иалагеит.

Аҩны ишыҩназ, рымаҭәақәаҵәҟьа мыԥсахкәа еибарыҩуа амҩа ианын. Ираҳаз рызхаҵомызт ҳауаажәлар. Иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳаанхеит. Тугә-иԥа Иауз ҳәа ҳҩызак аԥсшьаразы Аԥсны дцаны дыҟан. Очамчыра аганахь аибашьра дақәшәеит. Амашьына аҩныҵҟа иарҭоз амобилтә ҭел иман. Иаҳаулак иареи ҳареи ҳаигәныҩуан.

Иҳәон аибашьцәа аҭахара ишаҿыз, ацхыраара шаҭаху иаарласны, еиҳарак ахәшәқәа рыла, досу ирылшо ҟарҵар шаку. Ҳара Аԥсныҟа ацара аԥшьаҳгеит иаразнак. Аҿар ҳҽеидаҳкыло ҳалагеит. 30-ҩык еиҳан раԥхьатәи агәыԥ иалаз. Ефқан Цыба, Али, Ерџьуменҭ Лазариа, сара апаспортқәа рызҵаара аӡбара ҳалагеит, имариаӡамызт уи аус.

Есқьишьеҳир, Енегиольынтә, Диузџьантә уҳәа аҷкәынцәа еиҿкаарыла аус иазнеит. Аԥснынтә ара усҟан ашәаҳәаҩцәа ргәыԥ ыҟан ТОМ И Ф, Оқҭаи Ҷкотуагьы Ҭырқәтәыла дыҟан усҟан. Аҩныҟа ҳцаӡомызт, адернеқь аҿы ҳаҟан, ҳусқәа ҳархылаԥшуан. Ҭырқәтәыла ахы-аҵыхәа аҟынтә еизеит, Адаԥазар амитингқәа реиҿкаара аԥшьаргеит. Ерол Қәҭелиа иҳәеит амҩаду ҳкырц, раԥхьатәи акциа мҩаԥаҳгарц. Аха изалыршамхеит, аԥынгылақәа ҟанаҵоит ҳәа. Ажәакала, Аԥсныҟа аара ауадаҩрақәа акрацын. Аха,  ҳаԥсадгьыл былуан, ҳашьцәа ирыцҳахьчар акәын, уаҳа ԥсыхәа ҳамамызт…", — аибашьра иадҳәалаз игәалашәарақәа ҳацеиҩишон Беқьыр Ашәба. 

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иаагаз амҩа мариамызт, мҩа хьанҭан, аха ианыстәын. Уи ргәаӷьит ҳаибашьцәа.

Индира Амҷыԥҳа илгәалалыршәоит Лататәи арыцҳара иадҳәалоу аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Индира Амҷыԥҳа: сара сыԥсҭазаараҿы ари ахҭыс зегь реиҳа игәыҿкаагоу хҭысны иаанхоит

"Ахәашаҽны аибашьра иалагеит, ахашаҽны Ҭырқәтәыла амитинг мҩаԥысит, ҳара ҳусқәа ҳбон Аԥсныҟа ацаразы, шәҟәыла-быӷьшәыла ҳҽеиқәҳаршәар акәын. Амитинг алагамҭазы сыҟан, аха аҵыхәтәанӡа сызнымгылаӡеит, избанзар егьырҭ ҳусқәа ҳбар акәын. Ефқан апаспорт имаӡамызт, Шьаҟрыл Ердоуан ҳәа амилициарҿы аус иуан, дҳацхрааит. 

Енегиольынтә автобусқәа рыла хәыҷи-дуи рацәаҩны иааит, аибашьрагьы автобусла ицеит. Урҭ ртәы хазуп са сзы. Аԥсныҟа раԥхьатәи агәыԥ саланы сзымцаӡеит егьа зузаргьы. Ҳҭаацәагьы ирдыруеит Аԥсны аибашьра шцо, саҳәшьцәа Нураи Иульқьиуи ҳара ҳахьыҟоаз иаауан, ҳарбон.

Саб иашьеиԥа Австриа дынхон, усҟан ара дааны дыҟан. Саб ус иҳәеит: "Аԥсныҟа сԥацәа шәымцан ҳәа расҳәом, аха уажәазы аӡә дынхааит иауазар", ҳәа. Ашәаа ҳаешьара аизара ҟарҵеит, уа ирыӡбеит сара саанхарц, Али дцарц. Адунеи самкуа сҟалеит, ражәа сзахымԥеит, раҳаҭыр збеит. Аха, гәаныла издыруан ари аамҭала шакәыз, егьы рургьы Аԥсныҟа сышцоз, сҩызцәагьы ус  ажәа рысҭеит", — иҳәеит Беқьыр.

Беқьыр, игәы рҭынчны Ҭырқәтәыла даанымгылаӡеит. Аԥсныҟа дааит жьҭаарамзазы.

"Сара Гагра ақалақь ахы ианақәиҭха ашьҭахь ауп Аԥсныҟа сцара аналыршаха. Уаанӡа, Аԥснынтә арахь Ефқан Цыба даахьан. Анаҩс, Алигьы дааит. Абџьар аныҟам узеибашьӡом. Ефқан иҳәон Аԥснаа, Ҭырқәтәылатәи аҷкәынцәа ҷыдала ишырзыҟаз, уи дара рхы шахырбаауаз, убри азы, аамҭала Ҭырқәтәылаҟа ишааз, аха абџьар шааҟалалак Аԥсныҟа ишыхынҳәуа. Гагра анырга анаҩс, ҩаԥхьа ҳҽеибаркны Аԥсныҟа ҳдәықәлеит маӡала, ҳҭаацәа ирамҳәаӡакәа. Ԥарала-шьаралагьы ишаҳҭахыз еиԥш ҳаиқәшәаӡамызт. Ефқан Цыба имаз ихатә пистолет иҭиит, убас ак еидкылақәан ҳдәықәлеит. 

Ҳара арантә Аԥсны ҳамцар, Аиааира рзымго иҟамызт ҳашьцәа, уи еилкаауп. Ара ҭынч ҳашԥатәоз, Аԥсны аибашьра шцоз? Ҳара раԥхьа Гәдоуҭа "Черноморец" асасааирҭаҿы ҳааит. Шамиль напхгара зиҭоз ачеченцәа еидызкылоз абаталион ҳаларҵеит, аҟабардақәа рхыԥхьаӡара ахьырацәаз азы даҽа гәыԥк еиҿыркааит. Аԥсуаа даара патуқәҵарыла иҳазнеиуан, аџьармыкьахь ҳанцалак хәыда-ԥсыда иҳарҭарц иалагон зегьы, ус еиԥш иҟоу ахҭысқәа маҷӡам", — есааира агәалашәарақәа дыргәыланахалон Беқьыр Ашәба.

Таифун Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Таифун Арӡынба: иахьа сазгәыдууп аԥсышәала сахьцәажәо

Аибашьра адәаҟынтә имаҷым, Беқьыр игәалашәараҿы иаанхаз ихамшҭуа ахҭысқәа.

"Пиатница" ҳәа хьыӡшьарас иманы арԥыс хәыҷык дыҟан, 15 шықәса ихыҵуан, Аԥснытәын. Дырхәит Аҟәа ахахьы. Дыхәны дахьышьҭаз ихаҿсахьа, иблақәа наӡаӡа сгәалашәараҿы иаанхоит. "Умшәан, умшәан, уажәыҵәҟьа ахәышәтәырҭахь ургоит", анаҳҳәа, илақәа ҭырхаха днаҳҿаԥшит. Аха,иԥсынҵры кьаҿзаарын…", — игәы хьаауа еиҭеиҳәон аибашьҩы. 

Аибашьра ашьҭахь, Беқьыр иҭижьит иара хаҭала дызлахәыз, иибаз ахҭысқәа еидызкылоз ашәҟәы "Сарыхьҭашьуеит".

"Аибашьра амшынҵа сыман, изыҩуан. Аибашьра ашьҭахь Сҭамԥыл аусура саналага, абӷьыцқәа ранҵара салагеит. Анаҩс, Швеицариа санца, 90-тәи ашықәсқәа раахыс ианысҵақәоз, аус рыдызуло салагеит. Санахәаԥш, агәанагара сызцәырҵит еидкыланы џьара шәҟәык ианысҵап снапҩырақәа ҳәа. Ашәҟәы ҭсыжьуеит ҳәа сгәы иаанагаӡомызт, аха ус иалҵит. Сара издыруаз ахҭысқәа, сара сшазхәыцуаз ала, ишызбаз ала еидыскылеит ашәҟәы. Ашәҟәы ҭсыжьит 2010 шықәса рзы. 

Ҳара ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсацәоуп. Аԥсны-ҳаԥсадгьыл ауп. Сара сԥа Нарҭан иасҳәогьы уи ауп — уара уаԥсыуоуп!", — ицәажәара абас ала ихиркәшеит Беқьыр. 

Ажәабжьқәа зегьы
0