Емдаҭ Агәас: Цагера азааигәара сҩызцәеи сареи ҳаицәыӡит

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхо Емдаҭ Агәас
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхо Емдаҭ Агәас - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхо Емдаҭ Агәас игәалаиршәоит Аԥсны аибашьра ишалагаз, насгьы Мрагыларатәи афронт аҟны аӷацәа иҽрымҭакәа дышрыцәцаз.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа шиаҳаз еиԥш, иҩызцәа аӡәырҩы реиԥш, иаразнак арахь аара иҽазыскит. Аԥсны иҟазар еиҳа иҭынчхон Ҭырқәтәыла иаанхар аасҭа. Аибашьраҿы рҩызцәа рылымкаа ак ҟарымҵазаргьы, дара раарала ҳауаажәлар ргәы шьҭыҵит.

"Аԥсны ҳара ҳаԥсадгьыл ауп, аибашьра ҳшазыхиамызгьы, ҳхыԥхьаӡара шмаҷызгьы ҳаӷацәа риааира ҳалҳаршеит", абас ихацыркхеит Емдаҭ Агәаси сареи ҳаиҿцәажәара.

Иара Аԥсныҟа аара илиршеит атәым паспорт ала. 

Ҭырқәтәылантәи раԥхьа еибашьра иааз ргәыԥ - Sputnik Аҧсны
Аибашьра еиднакылаз ҳџьынџьуаа: Ҭырқәтәылантәи раԥхьа иааз агәыԥ ргәалашәарақәа

"Сҩызак дыԥсын, уи ипаспорт ала сааит Аԥсныҟа. Сара апартизан еибашьра салан уа Ҭырқәтәыла. Уи атәы иаҵанакуаз здыруан, арахь лассы саар сҭахын, аха апсапорт аусқәа реиқәыршәара аамҭа сцәагеит. Арахь сандәықәлагьы, ииашаз амҩа ала сзааӡомызт, аҭырқәцәа акомпиутер аҟны сгәарҭар рылшон, сааныркылон. Убри азы абнара сылсны Қырҭтәыла сҭалеит, уантә нас, Қәҭелиа Дурсун ҳәа аӡә дыҟоуп, уи дызбан, Баҭымынтә Шәача сааишьҭит каметала. Апартизан еибашьра сзымдыруазҭгьы, аибашьра аамҭазы Цагера ақырҭқәа санрылашәа срылҵраны сагьыҟамызт", — иҳәеит Емдаҭ дԥышәарччауа.

Емдаҭ иаҳзеиҭеиҳәаз, аибашьра иадҳәалаз ахҭыс џьашьахә ҟалеит Мрагыларатәи афронт аҿы, Цагера ақыҭа азааигәара. 

"Аидыслара бааԥс ыҟан. Ҳаӷацәеи ҳареи ҳамчқәа еиҟарамызт. Исгәалашәоит, ҳҩызцәа зегьы ҳаицәыӡит, апаника ҳаман, хаз-хазы ҳагеит. Сара сҩызцәа сырхьымӡаӡеит, амҩагьы сацәҟьалеит. Амш цәгьан, ақәа леиуан, амра ыҟамызт, амза ыҟамызт. Мрагылареи мраҭашәареи сзымдыруа, сыжәҩа ҭҟьазшәа сҟалеит абнараҿы. Алақәа, аԥстәқәа рыбжьы смаҳар, ақыҭа сшаднагалазгьы сыздыруамызт. Урҭқәа анызба, иансаҳа, адгьыл сҽасҭаӡеит. Ари ҟалеит Ҭамшь адесант аныӡхыҵ, жәамш раҟара амҩа кны ҳаҟан. Аха, ақырҭқәа ҳақәлан амҩа ҳцәыргеит, ҳџьаԥҳаны нҵәеит, ишахәҭаз еиԥш ҳаӷацәа аҭак ҳазрымҭаӡеит. Ҳаԥсы рцәаҳгарц ҳаныбнала ауп, саргьы абнара санылахаз, сҩызцәа санырцәыӡ. Ҳара ҳаштаб ахьыҟаз быжькилометрак ракәын ибжьаз, аха издыруааз, 25 километра сакәшаны изулак аштаб аҟны сааит. Аӡмахқәа сырҭаҳаит, аӡиас сырсит, амаӷра сакит, адаӷь еиԥш адгьыл сҽаҭаны ақырҭқәа шызбоз срыцәцеит, дара сагьрызгәамҭеит. Убас ахыԥсыра схыганы, ҵхыбжьон асааҭ хԥа рзы сҩызцәа ахьыҟаз сааит", — аибашьра ахҭысқәа дыргәыланахало дҳацәажәон Емдаҭ. 

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Беқьыр Ашәба - Sputnik Аҧсны
Беқьыр Ашәба: ҳара ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсацәоуп, ҳаԥсадгьыл - Аԥсноуп

Емдаҭ, аиашазаы, иҩызцәа рыԥшаара акыр дадхалеит. Арахь Аԥсны аҭыԥқәа издыруам, ақырҭқәа дрылашәар деибганы дагьзрылҵуам. 

"Сҭыԥ аҿы снеиаанӡа даҽа шәарак сызцәырҵит. Аԥсуаа сақырҭуа џьшьа срызгәамҭакәа сыршьыр ҳәа сшәеит. Амҩа цгьан, ақәицра ыҟан, ацарҭа сынамҭаӡеит. Ҩаԥхьа сымҩахь сеиҭалбааит. Санылбаа, дук мырҵыкәа "Уарбану?" рҳәан иаацәырҵит џьоукы."Сара саԥсыуоуп, шәара аԥсшәа шәҳәома?" сҳәан, сразҵааит. Сшәеит, ҳара иаҳтәым џьоукы ракәзар ҳәа. "Саргьы саԥсыуоуп", иҳәеит. "Уара Цагера иҟаз Ҭырқәтәылантәи иааз ҳашьцәа уреиуоума?", иҳәан днасазҵааит ҩаԥхьа. Ицыз иҩыза ус ҿааиҭит "Усшьырц маҷк ауп исыгхаз, ҳаӷацәа уреиуаз џьшьаны", ҳәа. Саргьы саахәмарны ус наиаҭаскит "Ушьҭал уҳәар, сышьҭалоит, угыл уҳәар, сгылоит, унапаҿы сыҟоуп, сзыушьуазеи иаразнак", ҳәа. Убас еиԥш аԥсшәақәа неибаҳҳәан, аӡә днасыцҵаны, аштаб аҟны саанрыжьит. Ашьжьымҭан, сҩызцәа санырба, иџьаршьеит. Сахьыҟамыз цәгьа ихьааргон, сыршьыз џьыршьеит ақырҭқәа. Сара смыԥсӡеит, аха Аԥсынра ду шьапыла салсит. Даҽазны, Аԥсны хәыҷуп зҳәо, егьисырҳәом. Аԥсны дуӡӡоуп!", — иҳәеит иԥсы анилала дыхәмаруа.

"Иҳамоу аҭынчра наунагӡахааит! Иҭахаз ҳхамшҭааит. Ҳара ҳмилаҭ маҷзаргьы доуҳала ҳаӷәӷәоуп, ацәгьараҿы ҳшеидгылаз еиԥш, аҭынч ԥсҭазаараҟны ҳажәҩа еибыҭаны, ҳахшыҩ еилаҵаны аус ҳур, иҳазмырҽеиуа ус ыҟаӡам", — ихәеит аибашьра аветеран Емдаҭ Агәас, ҳаиҿцәажәара хыркәшауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0