Ҩышә шықәса зхыҵуа аӡахәашьапы: аԥсуа ажь хкқәа еиҭашьақәдыргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВалери Аҩӡба
Валери Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәымсҭа аԥшаҳәа инаваршәны еивахәхәа инеиуеит ажь арадқәа. Араҟа аӡахәааӡаҩцәа Валери Аҩӡбеи Иури Аӡынбеи ажәытә аԥсуа ажьхкқәа еиҭашьақәдыргылоит. Зегьы ирылукаауа иҟоу Аҷандара ақыҭан иԥшаау, 200 шықәса зхыҵуа аӡахәашьаҭоуп.

Абри атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik акорреспондент Сариа Кәарацхьелиаԥҳа лматериал аҿы.

Иура Аӡынбеи Валери Аҩӡбеи ажь ааӡара аганахь ала изыршанхо егьы ыҟам шырҳәозгьы, Аҷандаратәи анхаҩы Енвер Гәымба иашҭаҿы ирбаз аӡахәашьапы, ҩышә шықәса инарҭысхьаз, иамыршанхар залымшеит. Дара уаанӡагьы еиуеиԥшым ашықәс нызҵхьо аӡахәақәа рбахьан, аха асеиԥш ижәытәтәиу рықәымшәацызт.

"Аӡахәашьапы 150 шықәса шахыҵҵәҟьоу аадыруеит. Аҩны аԥшәма Енвер Гәымба 80 шықәса ихыҵхьеит. Аӡахәа иара иира акырӡа шагыз еиҭарҳахьан. Аӡахәашьапы аҭҵаара иаҳнардырит иара уажәазы 200 шықәса рҟынӡа шахысхьоу", — еиҭеиҳәоит Аӡынба.

Аӡахәашьапы ашықәсҵәҟьа атехнологиа ҷыдақәа рыла ишышьақәдыргылоугьы Аӡынба агәра игоит иара ихәшьарақәа шышьақәырӷәӷәахо.

"Ажь 300 шықәса рҟынӡа ннаҵуеит", — иҳәоит Аӡынба.

© Sputnik / Томас ТхайцукВинодел Юрий Адзынба
Винодел Юрий Адзынба - Sputnik Аҧсны
Винодел Юрий Адзынба

Иахьазы ари аӡахәашьаҭа ахаҳатә Гәымсҭа еиҭарҳаит. Иара нап бзиа адкыланы ирымоуп, игәыӷуеит ҩба-хԥа шықәса рышьҭахь раԥхьатәи аҽаҩра аарышьҭып ҳәа.

Ажәытә аԥсуа ажь хкқәа рыԥшаара иалагеит Гәымсҭатәи аӡахәаҭра ашьапы анырк инаркны. Усҟан дара Франциатәи ӡахәааӡаҩык иахь ицеит, иԥышәа имырдарц азы.

"Иара дазҵааит иарбан жьхкқәоу иҳааӡо. Иаҳҳәеит европатәи асортқәа "Мерло", "Каберне" уҳәа егьырҭгьы шааҳрыхуа. Иара иазгәеиҭеит арҭ ажьхкқәа адунеи зегьы аҟны ахархәара шрымоу, егьырҭ аӡахәааӡаҩцәа рацлабрагьы шыуадаҩу, иагьҳабжьигеит аԥсуа аборигентә жьхкқәа рааӡара нап алаҳкырц. Убасҟан ауп шәара шәхатәы хаҿы шәыманы шәаныҟало иҳәеит иара", ҳәа еиҭеиҳәоит Аӡынба.

Абас ахы акит гәымсҭатәи аколлекциатә ӡахәааӡарҭа. Аԥсуа қыҭақәа рҟны рыԥшаара иалагеит иахьазы еиқәханы иҟоу ажьхкқәа.

"Аибашьра ҟалаанӡа Гәдоуҭа иҟан аҳәынҭқарратә питомник, аха аибашьраан уи гәыгәҭажьын. Убри азы ақыҭақәа рҿы иҳаԥшаауан ажьхкқәа", — иҳәоит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукВиноградники
Виноградники - Sputnik Аҧсны
Виноградники

Аӡахәааӡаҩцәа ажәытә ҩырақәа рҟны зыӡбахә рҳәоз, Аԥсны ииуаз ажьхкқәа ирышьҭалеит. Акык-ҩбак ракәзаргьы рыԥшаара рыгәҭаркит.

"Аныҟәаҩ Черниавски 23 ԥсыуа жьхкы рыӡбахә ашәҟәы ианиҵеит", ҳәа азгәеиҭоит Аӡынба.

Шықәсқәак рыла аколлекционерцәа еизыргеит 30 рҟынӡа жьхкы.

Нас урҭ Франциаҟа ирышьҭит. Уа атехнологиа ҷыда "In Vitro" ала урҭ еиҭашьақәдыргылеит. Иахьазы 1500 жь-шьаҭа рҟынӡа урҭ ажьхкқәа рыԥсадгьыл иазыргьыжьуп.

Сынтәа иазыԥшуп еиҭашьақәыргылоу аԥсуа жьхкыҵәҟьа аҽаҩра аарышьҭуеит ҳәа. Иазыԥшуп х-центнерк рҟынӡа аҽаҩра ҟалап ҳәа.

"Ишазыԥхьагәаҳҭаз еиԥш зегь маншәалахар, 5-7 шықәса рнаҩс массала ааӡара алҳаршоит. Арҭ ажьхкқәа рҽаҩра рацәак идухом, аха рхаҭабзиара акыр иҳаракуп. Ирылҵуа аҩы ахаҭабзиарагьы ҳәарада акыр ибзиахоит", ҳәа еиҭеиҳәоит аӡахәааӡаҩ.

Иара иажәақәа рыла Аԥсны аӡахәааӡара аусхк аҭоурых ду амоуп. Аҟәатәи археологиатә жрақәа раан иԥшаан арыц зҭаз апифос (аирыӡ). Аҵарауаҩ Рамишвили игәаанагарала уи "Акаҷыҷ" арыц акәын.

"Археологиатә дыррақәа рыла аԥшаамҭа IV-V ашәышықәсақәа ирыҵаркуеит. Аҵарауаа ишырҳәоз ала усҟантәи аамҭазы усҟантәи аамҭазы ахәаахәҭраз ахархәара рырҭон ажьи аҩи. Уи иаанагоит ара инхоз аӡахәаарыхра аханатәгьы рнапы алакын ҳәа", иҳәоит Аӡынба.

© Sputnik / Томас ТхайцукВиноградники
Виноградники - Sputnik Аҧсны
Виноградники

"Аборигентә жьхкқәа ртәы ҭҵааны иҩуан Черниавски, нас Маҷавариани. Уи 30 рҟынӡа жьыхкы дрылацәажәеит. Аҭҵааҩы Балас иакәзар, 62 жьыхкы ртәы далацәажәеит" ҳәа еиқәиԥхьаӡоит Аӡынба.

Асовет аамҭазы аԥсуа жьыхкқәа ҭиҵаауан аҵарауаҩ Евгени Чамагәуа.

"Аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан аҵарауаа аусурақәа ахьымҩаԥыргоз Гәдоуҭатәи апитомник адыркит. Иахьазы уаҟа акгьы аанымхеит. Аибашьра ашьҭахь аԥсуа жьқәа реиҭашьақәыргылара хацҳаркит Валери Аҩӡбеи сареи", — иҳәоит аӡахәааӡаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0