Инал Арӡынба аԥсуа ҿар дырԥылоит

© Фото : предоставлено Николаем КалмыковымУрыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа адепартамент аиҳабы Инал Арӡынба
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа адепартамент аиҳабы Инал Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Инал Арӡынба аԥсуа ҿар рԥылараан иӡыригараны дыҟоуп агәыҳалалратә проектқәа.

АҞӘА, нанҳәа 17– Sputnik. Аҟәа ақалақь аҟны иазԥхьагәаҭоуп Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа адепартамент аиҳабы Инал Арӡынбеи Аԥснытәи адипломатцәа ҿарацәеи аекономистцәеи аинформациатә технологиақәа рҟны аҟазауаа ҿарацәеи реиԥылара. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа.

"Аиԥылара аԥшьыргеит Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа. Иара хықәкны иамоуп Аԥсназы хра заур зылшо еиуеиԥшым агәыҳалалратәии асоциалтәии ԥшьгарақәа рылацәажәара. Асеиԥш иҟоу аформат ала ари раԥхьатәи еиԥылароуп. Аԥснытәи аҿаргьы раԥхьаӡа акәны Инал Арӡынба иаартны иҿцәажәараз алшара рымоуп", — иҳәеит Ҭаниа.

Ҭаниа иажәақәа рыла аԥснытәи аҿар еиҳа иахәҭаны ирыԥхьаӡо апроектқәа ӡырыргоит.

"Анаркоманиа, автомашьынатә машәырқәа иахьатәи аамҭазы ипроблема дуны иҟоуп. Аиҳаракгьы азхьаԥшра ахәҭаны иҟоуп аԥсуа бызшәа аҿиара иара убасгьы аԥсуара аҿар рыларҵәара",  иҳәоит Ҭаниа.

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" еиҿыркааит Москва инхо аԥсуа диаспора 2017 шықәса рзы. Иара агәманитартә проектқәа анапы рылакуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0