Пицундатәи аныхабааҿы агәыҳалалратә концерт-цәыргақәҵа мҩаҧысит

© Sputnik Амра АмичбаПицундатәи аныхабааҿы агәыҳалалратә концерт-цәыргақәҵа мҩаҧысит
Пицундатәи аныхабааҿы агәыҳалалратә концерт-цәыргақәҵа мҩаҧысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусмҩаҧгатә згәабзиара уашәшәыроу Аҧсны иқәынхо ахәыҷқәа рыцхырааразы иеиҿкаауп.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа.

Пицундатәи аныхабаа аҳәынҭқарратә концерттә зал аҿы нанҳәамза 21 рзы есышықәсатәи аҧшьбатәи агәыҳалалратә концерт мҩаҧысит. Иарбоу, аусмҩаҧгатә згәабзиара уашәшәыроу Аҧсны иқәынхо ахәыҷқәа рыцхыраара азы иеиҿкаауп. Афонд "Ашана" анапхгаҩы, акциа аиҿкааҩ Азамаҭ Багаҭелиа иажәақәа рыла еизгоуп миллионки хышә-нызқьмааҭ аԥара.

© Sputnik Амра АмичбаФонд социально-культурных инициатив Абхазии провел благотворительную акцию в поддержку фонда «Ашана»
Фонд социально-культурных инициатив Абхазии провел благотворительную акцию в поддержку фонда «Ашана» - Sputnik Аҧсны
Фонд социально-культурных инициатив Абхазии провел благотворительную акцию в поддержку фонда «Ашана»

Еснагь еиԥш аконцерт алагамҭазы аҭааҩцәа рзы иаартын еиуеиҧшым аматәарқәа рхәаахәҭратә-цәыргақәҵа.

"Иара убасгьы аконцерт иалагаанӡа асасцәа ирымоуп алшара Мариа Ԥлиаԥҳа лстудиаҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аҭаареи ацәашәҵатәы аколлекциа "Color of nation" абареи. Сынтәа ҳара аус ҳацнауеит агалереиа "Шьазина". Иара анапхгаҩы Шьазина Агрԥҳа лгалереиаҟынтәи иаҳзаалгеит аексклиузивтә маҭәарқәа. Акциа иара убасгьы иалахәуп Емилиа Казанџьиан лгәыҳалалратә фонд "Мадонна Лили". Аконцерт аҟны еизырго аԥарақәа афонд хылаԥшра зызнауа ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазырхахои", — иҳәеит Азамаҭ Багаҭелиа.

"COLORS OF NATION" аҟынтәи афутболка аалхәеит Пицунда инхо Елла Ласариа-Агрба.

"Џьара лагалак сзыҟаҵазар сеигәырӷьоит. Ашәы сшәуп азы аконцерт ахь сызнеиуамызт, аха ацәыргақәҵахь сааиит. Афонд "Ашана" имаҷзаргьы сыхәҭак сзалагалазар, сеигәырӷьоит", — лҳәеит лара.

© Sputnik Амра АмичбаФонд социально-культурных инициатив Абхазии провел благотворительную акцию в поддержку фонда «Ашана»
Фонд социально-культурных инициатив Абхазии провел благотворительную акцию в поддержку фонда «Ашана» - Sputnik Аҧсны
Фонд социально-культурных инициатив Абхазии провел благотворительную акцию в поддержку фонда «Ашана»

Пицунда инхо Инга Шевцова лакәзар, иазгәалҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны ишырацәахаз агәыҳалалратә акциақәа.

"Даара ишьахәу традицианы сахәаԥшуеит. Саргьы ахәыҷқәа сымоуп. Ибзианы еилыскаауеит зхәыҷы дычмазаҩу ан лгәырҩа", — лҳәоит лара.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш арахь иааиит ирацәаҩны аԥсшьаҩцәагьы. Саратовынтәи Аԥсны зыԥсы зшьо Елена илҳәеит аконцерт дахәаԥшырц дшааиз, аха агәыҳалалратә акциа шымҩаԥыргоз анлаҳа уи дышзавымсыз.

"Аҟәрышь амааҭ арбеиоит. Џьара лагала бзиак сзыҟаҵазар, сгәы иахәоит", — лҳәеит лара.

Акциа еизнаго аԥарақәа афонд "Ашаназы" ишҵыргәа дуу атәы далацәажәеит иара адиректор Џьевеира Колосова.

"Еизырго аԥара маҷӡам. Ишышьақәгылахьоу ала хәыҷык далкаан ихьӡала имҩаԥыргоит акциа. Ҳаргьы урҭ аԥарақәа уи ахәыҷы изы хықәкыла инаҳхуеит",- ҳәа лҳәоит афонд адиректор.

© Sputnik Амра АмичбаФонд социально-культурных инициатив Абхазии провел благотворительную акцию в поддержку фонда «Ашана»
Фонд социально-культурных инициатив Абхазии провел благотворительную акцию в поддержку фонда «Ашана» - Sputnik Аҧсны
Фонд социально-культурных инициатив Абхазии провел благотворительную акцию в поддержку фонда «Ашана»

Аконцерт рхы аладырхәит Аҧсны зҽаҧсазтәыз жәлар рартистцәа, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреатцәа: Нана Черқезиа (сопрано), Асида Шьакаиа (сопрано), Лука Гаделиа(ауарҕан), Кристина Ешба (сопрано), Алла Оҭырба (афортепиано), Барас Кәыџба (афортепиано), Елмаз Чаилак (афортепиано), Армен Хачатуриан (баритон), Марина Шамба (ауарҕан), Манана Шамба (сопрано).

Ахәылҧаз аҳәаақәа ирҭагӡаны Агалереиа "Шьазина", аилазаара "Абраскьыл", апроект "Colors of Nation" Мариа Ҧлиаҧҳа наҧхгара зылҭо ахәыҷтәы студиа, уҳәа рҟынтәи еиуеиҧшым аматәарқәа рхәаахәҭратә-цәыргақәҵа мҩаҧысит.

Аусмҩаҧгаҩ аиҿкааҩ – Аҧсны аҳәынҭқарра асоциал-культуратә аҧшьгарақәа Рфонд ауп. Апроект аспонсор хада — Иарку Аокционертә Еилазаара "АКВАФОН-GSM".Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аԥшьбатәи агәыҳалалратә ауарӷантә музыка аконцерт адгылара анаҭеит информациатә партниорк аҳасаб ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0