Сима Шхагошева: сыҷкәын сара сзы дышқәыԥшыз даанхеит

© SputnikСима Шхагошева
Сима Шхагошева - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишдыру еиԥш, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Ҟарачы-Черқьескынтә, хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа иааз ҳашьцәа рхыԥхьаӡара маҷым. Урҭ рахьтә иҟоуп Аиааира абара иахьӡаз, иҟоуп злахьынҵа гәымбылџьбарыла изызныҟәаз, ҳаӷацәа рхымца изацәымцақәаз. Урҭ рыхьӡ аҳәара ҳара ҳзы ԥсҭазаарак иаҩсуеит. Аибашьра еибашьроуп, уи иацуп хырԥашьа змам аԥсҭбарақәа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ԥсыж ақыҭаҟны дынхон заԥхьаҟа зыԥсҭазаара Аԥсны иадызҳәаларц згәы иҭаз, "Леон иорден" занашьоу Муҳаммед Шхагошев. Аха, аибашьра хлымӡаах уи игәыӷрақәа ҿнаҵәеит. Иҭаацәа иахьа дрыгуп рҵеи. Урҭ ргәырҩацәгьа ргәаҵаҿ иҵәахуа, Аԥснынтә ԥсыуак дырбар, рыблақәа рхаччо иԥылоит.

Муҳаммед иани иаби иазгәарҭоит, рыҷкәын Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа еснагь дышрызҿлымҳаз, аԥсуа жәлар рыхьчара ахәҭаны ишиԥхьаӡаз, еснагь аиаша дшадгылаз.

"Сыҷкәын сара сзы дышқәыԥшыз даанхеит. Сгәазхара дысзымбацызт, ани аԥеи раҳасабала ҳнеидтәаланы ҳгәазхарагьы ҳзымеицәажәацызт. Исҳәарызеи, сара сеиԥш зыхшара аибашьра иагаз анацәа маҷума? Иҳачҳароуп, уаҳа иаҳаурызеи? Хьыӡла иашьцәа изыхьчаразар, уи дахызбаар ҟалоума?", — лылаӷырӡқәа лгәаҵа иҭаԥсо дҳацәажәон Муҳаммед иан Сима Шхагошева.

Ан, згәазхара зыҷкәын дзымбацыз, хьаахҽыгаз илымоу, илзынхаз, зқәыԥшра зыблақәа ирхыҳәҳәала лнапаҿы илкыз ифотосахьа заҵәык ауп.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп

"Сыҷкәын сгәы даныҵаӡалак, ашьшьыҳәа инышәынҭрахь сҿынасхоит, уи ара сааигәара иҟоуп. Снапы игәы инықәшьуа, сиацәажәоит. Аха, сызҵаарақәа ҭакда иаанхоит, иааҳакәыршан ҭынчроуп… Усҟан ацәа саалҵызшәа сааҭрысуеит, азныказы ԥхыӡк сагәыланахаланы сыҟазшәа сааҟалоит", — абас лыгәҭыхақәа ҳзеиҭалҳәон аибашьҩы иан.

Зыхшара аибашьраҿы иҭахаз аҭаацәа, рыҷкәынцәа ргәы рыладууп. "Ишахәҭаз ала рхы аадырԥшызар, ҳадмырԥхашьеит", — рҳәоит дара. Муҳаммед иаб иакәзар, иқәра наскьахьеит, "Аԥсны цәгьара ҟаумҵан, ак ааҟалар, сагьынкылом", — иҳәеит данҳацәажәоз.

"Аԥсуаа, ҳашьцәа! Уаҳа цәгьара Анцәа ишәзааимгааит. Ақәранҵыра ҳазшаз ишәаҭәеишьааит, ишәхыжәгаз агәаҟра шәыԥхыӡ иаламшәааит. Ҳаҷкәын ҳаизыразуп, аиашазы дҭахеит. Аԥснынтә аԥсыуак данаҳбо, ҳаҷкәын ицәаара ихаҳкаауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Муҳаммед иаб Зулькарнеи.

Аԥснытәи аибашьцәа, хымԥада, ргәы шьҭнахуан рашьцәа арӷьажәҩаны иахьрывагылаз. Урҭ рфырхаҵара ҳиааира ааигәанатәуан.

"Аԥсны Афырхаҵа" Фазылбеи Аҩӡба ҭабуп ҳәа раиҳәоит абас еиԥш аҵеи лаша дзааӡаз аҭаацәа.

День памяти жертв Кавказской войны. - Sputnik Аҧсны
Инџьгьиа: Кавказ ажәларқәа хатәгәаԥхарала рыдгьылқәа нырмыжьит

"Шәҿаԥхьа ҳхырхәоит, идуӡӡан иҭабуп ҳәа шәаҳҳәарц ҳҭахуп абри аҩыза афырхаҵа дахьышәааӡаз. Афырхаҵа дахьыҟазаалакгьы дфырхаҵоуп. Игәы еибафон шәыҷкәын, ус баша аҩны дымтәеит, иашьцәа рахь дцеит, ихгьы ақәиҵеит. Иахьа ҳара иҳамоу Аиааира, Ахақәиҭра, Ахьыԥшымра, шәыҷкәын иҩызцәеи иареи рылша ду алоуп, ҳара ҳамацара ҳакәӡам иаазгаз. Шәгәырҩа шәызхазааит, аамҭа бзиақәа Анцәа ишәаҭәеишьааит! Агәабзиара шәымазааит, ақәра ду нышәҵааит", — иҳәеит "Аԥсны Афырхаҵа" Фазылбеи Аҩӡба.

Аԥсҭазаара згәаҳәоз, гәыӷрашәкыла иҭәыз, аха злахьынҵа зеижьаз ҳаибашьцәа гәымшәақәа рфырхаҵара шаҳаҭ даҭахӡам. Шаҳаҭра рызнауеит Аԥсны иагаз Аиааира, атәылаҿы ишьақәгылоу аҭынчра!

Ажәабжьқәа зегьы
0