Аҳҭнықалақь ариаҵәара апроект аус адулоуп

CC0 / Pexels/Buenosia Carol / архивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа аамҭа-аамҭала аԥсабаратә рыцҳаарқәа ирыхҟьаны аҵлақәа ԥырымҟар ада ԥсыхәа амамкәа иҟалалоит. Асеиԥш аҭагылазаашьа ԥкымхар, 5 шықәса рнаҩс иаҵәарак аанымхар алшоит.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аҟәа ақалақь ариаҵәаразы аилацәажәара мҩаԥган ақалақь Ахадараҿ, аҩаша, цәыббра 5 рзы.

"Аҟәа аамҭа-аамҭала аԥсабаратә рыцҳаарқәа ирыхҟьаны 20 инадыркны 40 рҟынӡа ҵла ԥырымҟар ада ԥсыхәа амамкәа иҟалалоит. Ари, есышықәса. Асеиԥш аҭагылазаашьа ԥкымхар, 5 шықәса рнаҩс иаҵәарак аанымхар алшоит", — ҳәа апроблема дахцәажәеит Аҟәа Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

Иара игәаанагарала ақалақь аиаҵәара азырхынҳәразы ишьақәыргылатәуп аплан.

"15-20 шықәса рыҩныҵҟатәи аплан шьақәыргылатәуп. Апроект Аекологиа аминистрреи Ариаҵәара анхамҩеи алархәны ишьақәыргылатәуп", — иҳәеит иара.

Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Евдокиа Лакоба иазылыԥхьаӡоит аплан ашьақәыргылараан ақалақь апаркқәеи, анеиааирҭақәеи, аныҟәарҭақәеи рышьақәгылашьа иазхьаԥштәуп ҳәа.

Аԥсны Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит аиҭаҳатәқәа рганахь ала апроблема ҟалар алшоит ҳәа.

"Апаркқәа рыриаҵәараҿ проблема ҟалом. Апаркқәа рҟны еиуеиԥшым аҵлақәа аҵиаақәа реиҭаҳара ауеит. Аллеиақәа рҟны акәзар – уаҟа еиԥшу аҵлақәа роуп зеиҭаҳара ауа", — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит аплан ашьақәыргылараан ажәалагалақәа зегьы ишырзааҭгылахо, ишыҭҵаахо.

"40-50 шықәса раԥхьа иҟаҵаз агхақәа ҳҽырцәыҳахьчароуп. Аиҭаҳатәқәа рдац-ԥашә аӡцарҭақәа ирԥырхагамхо еиҭаҳатәуп. Атрубақәа ахьышьҭоу аҭыԥқәа рҟны здацқәа рҽырԥсаҟьаны изызҳауа аҵлақәа реиҭаҳара ҟалом", — иҳәеит иара.

Кәарҷиа иажәақәа рыла ахарџь аиҳара абиуџьеттә ԥарақәа ирхыххоит, иара убасгьы анаплакыҩцәа абри аус иадыԥхьалахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0