"Ты супер" акастинг ҿыц иалагоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ателеканал НТВ-и, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, ателехәаԥшцәа иҟарҵаз аҳәарала иаздырхиоит апроект ҿыц "Ты супер!". Апроект алахәылацәа ироуеит алшара атәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара.

АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik. Авокалтә конкурс аҟны алхрақәа мҩаԥысуеит уаанӡеиԥш. Акастинг иалахәхоит зҭаацәара зцәыӡыз ахәыҷқәа, ашкол-интернатқәа рҟны ирааӡо мамзаргьы атәым ҭаацәарақәа рҟны ирааӡо.

Акастинг уалахәхарц азы аелектронтә ԥошьҭахь ашәҟәы нашьҭтәуп: info.abk@sputniknews.com Sputnik Аԥсны аредакциа.

Алхратә тур алҵшәақәа еилкаахоит 2018 шықәса аӡынразы.

Аԥхьатәи апроект "Ты супер!" мҩаԥысит Урыстәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрра адгыларала. Апроект амҩаԥгаҩыс дыҟан Вадим Такмениов. Ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысуит ателеканал НТВ аҟны жәабран 11 инаркны. Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшон НТВ асаит аҟны. Ашоу иазкыз ажәабжьқәа рдырра алшон Sputnik Аԥсны аресурсқәа рҟны. Аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik хылаԥшра арҭон аиндаҭлара амҩаԥысшьа. Иара иалахәын 92-ҩык авокалистцәа: Урыстәыла, Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларуссиа, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Молдавиа, Украина, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи.

Аконкурс ажиури иалахәын: Маргарита Суханкина, Елка, Виктор Дробыш, Стас Пиеха.

Аԥсны ахьӡала апроект "Ты супер!" далахәын Очамчыратәи ашкол-интернат ааӡамҭа Валериа Адлеиаԥҳа. Аиааирагьы лгеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0