Дочиа: ақалақьтә Еизарахь аиҭалхрақәа рахь иқәгылоуп ԥшь-ҩык акандидатцәа

© Sputnik / Томас Тхайцукархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә Еизарахь аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит цәыббра 17 рзы. Аиҭалхрақәа ишазыҟаҵоу атәы Sputnik Аԥсны арадиостудиаҟны дазааҭгылеит Аҟәа ақалақь алхратә комиссиа ахада Аслан Дочиа.

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә Еизарахь аиҭалхрақәа рахь иқәгылоуп ԥшь-ҩык акандидатцәа, абри атәы иҳәеит Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Аҟәа ақалақь алхратә комиссиа ахада Аслан Дочиа.

"Иааидкыланы ҩ-алхратә ҭыԥқәа рыҟны ԥшь-ҩык акандидатцәа ықәгылоуп. Дара ианаамҭаз арзаҳалқәа рыҩҩит, Аԥсны азакәан ишаҳәо ала иахәҭаз ашәҟәқәа еидыркалеит. Аҩбатәи аҭыԥ хадаҿы иқәгылоуп: Саид Быҭәба, Аполлон Латариа, а-10-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны иқәгылоуп Ҭеимыр Кәпалба, Бакәыр Бебиа", — иҳәеит Дочиа.

Рыԥшьҩыкгьы акомиссиа иаԥхьаӡеит ирықәнагоуп, иақәшәоит иазыԥҵәоу аԥҟарақәа ҳәа, уи аҟнытә алхрақәа рахь инарышьҭит, иацыиҵеит уи.

Аҟәа алхратә ҭыԥ хадақәа ҩба ыҟоуп. Аиҭалхрақәа рымҩаԥгара зыхҟьаз уи ауп: машәырла дҭахеит уаанӡа 10-тәи аокруг аҟны депутатс иалхыз Баграт Занҭариа, аҩбатәи аҭыԥ хадаҟны иалхыз адепутат Лаша Ашәба иахьа Жәлар реизара депутатс далхуп.

Аҟәа ақалақь алхратә комиссиа ахада Аслан Дочиа Sputnik еиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра >>

Ажәабжьқәа зегьы
0