Аслан Џьопуа: аԥхьатәи ацхыраара аҟаҵаразы ауааԥсыра рдыррақәа маҷуп

© Sputnik / Зафас Гамгия Аԥхьатәи ацхыраара аҟаҵара амш азы Sputnik аҟны апресс-конференциа мҩаԥган
Аԥхьатәи ацхыраара аҟаҵара амш азы Sputnik аҟны апресс-конференциа мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2000 шықәса раахыс цәыббра аҩбатәи асабшазы адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иазгәарҭоит аԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҟаҵара амш. Аҟәа ақалақь амедицинатә цхыраара ласы аҳақьым хада Аслан Џьопуа Sputnik Аԥсны апресс-маҵзураҟны имҩаԥигеит апресс конференциа, цәыббра ааба аҽны.

АҞӘА, цәыббра 8– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥхьатәи ацхыраара аҟаҵара амш азы Sputnik аҟны апресс-конференциа мҩаԥигеит ацхыраара ласы Ареспубликатә станциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа. Аԥсны ауааԥсыра аԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҟаҵара аганахь ала рдыррақәа маҷуп иҳәеит иара.

Аслан Џьопуа Sputnik Аԥсны арадио еиҭаз аинтервиу шәзыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Апресс конференциа аҟнытә авидеоанҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

Џьопуа иазгәеиҭеит аԥхьатәи ацхыраара шакәу ааха зауз иаԥхьаҟатәи иеиҭашьақәгылара алҵшәақәа рыманшәалара.

"Ареспублика амҩадуқәа рҟны авариақәа ҟалоит, ааигәа Приморск аԥжәара иахҟьаны арыцҳара ду ыҟан. Ацхыраара ласы амашьына неиаанӡа ааигәа иҟоу ауаа аԥхьатәи амедицинатә цхыраара анырзыҟаҵа, акраҵанакуеит. Ауаҩытәыҩса иԥсы еиқәхарц азы иҟоуп ихымԥадатәиу, иаразнакы иҟауҵаша усуп", — иҳәеит иара.

Ацхыраара ласы Ареспубликатә станциа аҳақьым хада игәаанагарала аҵаратә усҳәарҭақәа, ашколқәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны атреннингқәа мҩаԥгалатәуп.

"Ауаҩы дшыхәыҷу ирҵатәуп, адыррақәа иҭатәуп" — азгәеиҭеит иара.

Аслан Џьопуа иҳәеит ацхыраара ласы Ареспубликатә станциаҿы аҳақьымтә бригадақәа хԥа ыҟоуп ҳәа.

"Астатистика инақәыршәаны 10 000-ҩык ауааԥсыра бригадак рызхозароуп. Аӡын арҭ анормативқәа ҳҽырҭаҳагӡоит, аха аԥхын аԥсшьаҩцәа рырацәареи еиуеиԥшым акультура-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгареи инарыдҳәаланы ҳаизхом", — иҳәоит аҳақьым.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит астанциа амедицинатә кадырқәа рыла ишеиқәшәо аха иахәҭоу амыругақәа шрымам.

"Ҳсанитартә машьына амедицинатә техника ала еиқәыршәам. Акадырқәа рганахь ала ҳгәырӷьартә ҳаҟоуп. Аҿар ҳазнеиуеит", — иҳәеит иара.

Ацхыраара ласы абригадақәа ацхыраара ҟарҵон ааигәа иҟалаз аԥжәарақәа раан. Усҟан ааха роуит 62-ҩык ауааԥсыра.

"2008 шықәса рзы акәу 2009 шықәса рзы акәу Агәабзиарахьчара аминистрра атехногентә ҭагылазаашьақәа раан иаарласу амедицинатә цхыраара амҩаԥгара аԥҟарақәа аус рыднаулеит. Уи инақәыршәаны арыцҳара ҟалар ацхыраара ласы иаразнакы ахәышәтәырҭақәа аҽрыманадоит, аҭыԥ аҟны аштаб еиҿнакаауеит, иара анапаҵаҟахь ииасуеит амедицинатә бригадақәа зегьы", — ҳәа еиҭеиҳәоит Џьопуа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Приморсктәи ахҭыс аан аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш аԥсшьаҩцәагьы ацхыраара ласы аусура ахәшьара ҳаракны ишалацәажәоз.

2000 шықәса раахыс цәыббра аҩбатәи асабшазы адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иазгәарҭоит раԥхьатәи амедицинатә цхыраара Адунеизегьтәи амш (World First Aid Day).

Ажәабжьқәа зегьы
0