Александр Тәанба еилаԥсоу аиндаҭлара даҵахеит

© Sputnik Алана СабееваАлександр Тванба
Александр Тванба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еилаԥсоу аиндаҭларақәа рзы аԥсуа спортсмен Александр Тәанба Смоленсктәи Павел Лупеко иаԥигеит.

Sputnik. Алана Сабеева

Сабшоуп. Ашьыжь, асааҭ быжьба. Игылатәуп. Мамзар сагхоит. Урыстәыла аҳҭнықалақь амш азгәарҭоит инеиҵыхны. Москва аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоижьҭеи акрааҵуеит. Ақалақь Ахадара рҽазҵәылхны амҩақәа рҭыԥ иқәырҵон, аиаҵәара ҷыдала азхьаԥшра арҭон.

Асааҭ 10:30 рзы исзыԥшуп. Ашьапыламҩа Тверскаиа акыр ишьахәуп. Акыр ишзааугьы ауаа рацәоуп. Урҭ ирбашагьы маҷӡам. Амҩа ахы-аҵыхәа еимудонаҵы ақалақь аҭоурыхгьы уҵартә иҟоуп.

Ара ирацәоуп аспортхкқәа: паркур, бокс, атлетика уҳәа ирацәаны ахьымҩаԥыргаша аҭыԥқәа.

Аԥсуа спортсмен Александр Тәанба иҭыԥ ахь днеихьеит. Ашьыжь асааҭ хәба рзы дышгылазгьы иныԥшуам. Дзындаҭлои иареи еибадырхьеит.

Асааҭ 12:15 рзы аиндаҭлара иалагеит. Аӡбаҩцәа Урыстәыла еилаԥсоу аиндаҭларақәа рзы ММА аӡбаҩцәа рколлегиа иалахәылацәоуп. Рымчқәа ԥыршәоит 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа. Жәаҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи хәҩык алахәылацәа рдипломқәа роуеит.

Октагон иалахәуп фҩык. Ԥшьҩык ӡӷабцәоуп. Аиндаҭлара ахәаԥшра иааиуа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҳахоит.

Александр Тәанба иқәгылара иалагеит асааҭ 16:30 рзы. Иара иаразнакы ақәылара иҽазикуеит, иаппонентгьы имаҷымкәа аахақәа иоуеит, аха дкаҳауеит. Уи ихы иаирхәоит Лупеко. Уи Александр дгылар иуам. Актәи араунд азы атехникатә нокаут мҩаԥигоит.

Тәанба иҳәоит иоппанент дақәшаҳаҭхозар, мызк ашьҭахь ареванш-қәԥара дшазыхиоу. Иара иажәақәа рыла еиӷьны аҽазыҟаҵара аҭахын.

Ажәабжьқәа зегьы
0