Жәлар рбаҩхатәра злаз: раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымба иҭоурых

© Foto / из архива семьи ГумбаРажден Гумба
Ражден Гумба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, адирижиор, раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымба диижьҭеи цәыббрамза 12 рзы иҵит 94 шықәса.

Sputnik

Ражден Џьгәаҭан-иԥа Гәымба диит цәыббра 12, 1926 шықәсазы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Иара дравторуп хкы рацәала ашәақәеи ашәҟәқәеи. Дырмит Гәлиа, Алықьса Џьонуа, Алықьса Лашәриа, Иван Ҭарба, Кьаршьал Чачхалиа, Баграт Шьынқәба уҳәа ирацәаны ражәеинраалақәа ирылхны амузыка иҩуан.

Ражден Гәымба иԥсҭазаараҟынтәи фотосахьақәак шәрыхәаԥшыр шәылшоит абра>>

Ражден Гәымба иабду Мамсыр Гәымба имаҭа илаз абаҩхатәра ибон, Тәанихәа ҳәа иахьашьҭаз аҳаблаҿы, хәылбыҽхала Дәрыԥшьтәи абыргцәа ахьеидибагалоз аҭыԥ ашҟа лассы-лассы дигалон. Уаҟа алахҿыхра ыҟан, ишәаҳәон, икәашон, ажәытә ажәабжьқәа рҳәон. Урҭ даара дрызҿлымҳан Ражден Гәымба. Уахьынтә иоуазгьы рацәан. Инарҵауланы еиликаауан, игәникалон зыӡбахә рҳәоз аԥсуа намыс, аԥсуа ҵасқәа, аԥсадгьыл абзиабара уҳәа. Ражден иаб Џьгәаҭан аҵара имаӡамызт. Аха абызшәақәа ҩба-хԥа идыруан, аҭырқә бызшәа нарылаҵаны. Иан Ольга Ловчева дболгарҭыԥҳан, аҵара лыман. Ражден Гәымба иҭаацәа рыҷкәын изы ргәанаагарақәа еиқәшәомызт — аб иҭахын иҷкәын дырҵаҩхарц, иан илҭахын лыҷкәын ашәаҳәареи акәашареи рымҩа ылихырц.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбль афиша
Жәлар рбаҩхатәра злаз: раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аԥсны жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбль афиша

1935 шықәсазы Тәанихәантәи абыргцәа раԥхьа днаргыланы, дара ирҿиҵааз ашәақәа хорк еиԥш инеидыргыланы идирҳәо далагеит. Ашкол аҟны акәзар, 10-ҩык рҟынӡа злахәыз аҵаҩцәа рхоргьы еиҿикааит. Урҭ идирҵон абыргцәа ирҿиҵаазгьы иара ихаҭа иаԥиҵоз ашәақәагьы. Абарҭқәа рыла ашәа бзиа ибеит, иара иԥсҭазаарагьы изацрымго иалахәхеит.

Ражден Гәымба амузыка аԥҵара даналагоз, анотатә дыргақәа издырӡомызт, иагьимбацызт. Абаҭлыкақәа еиваргыланы, рыбжьқәа еиԥшымхарц азы, маҷ-маҷ аӡы рҭаҭәо, нас лаба хәыҷык ала дрысуа, апатефон аҿы иаҳаз амузыкатә шьҭыбжьқәа ирзааигәаӡаны иаҳауа далагеит. Убри ала ихатә нотатә дыргақәа аԥиҵеит. Урҭ ихы иаирхәон. Ибаҭлыкақәа рыла иаирҳәон имариамыз ашәақәа "Гәдиса", "Ахра ашәа", "Ахәрашәа", иара убас ихатәы ашәақәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукРажден Гәымба ианаршьахьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа
Жәлар рбаҩхатәра злаз: раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ражден Гәымба ианаршьахьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа

"Саб данысит иуадаҩыз амҩа. Шәазхәыц, ҩажәа шықәса ихыҵаанӡа анота закәыз издырӡомызт, арахь ихәыҷаахыс амузыка дадҳәалан, иԥсҭазаарагьы иара иазикит. Иван Лакрба иҩуан: "Ражден Гәымба Дәрыԥшьтәи аҟармаҵыс иоуп" ҳәа. Иашәақәа аныиҩуаз иара ихатәы нотатә дыргақәа аԥиҵеит. Амузыкатә ҵараиурҭа аиҳабы Шалва Георгаӡе Дәрыԥшь даннеи, ианидырба урҭ иҩырақәа, дицхраарц иӡбеит саб. Убас, даанахәеит амузыкатә ҵараиурҭа. Ицхрааз рыӡбахә ҳәатәуп - Иван Ҭарба, Иван Кәакәасқьыр, Владимир Царгәыш", — хәа илгәалалыршәоит лаб дызнысыз амҩа иԥҳа, аҵарауаҩ Асмаҭ Гәымԥҳа.

Ражден Гәымба иқәыԥшра аамҭақәа раан ауп Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа ианалагаз. Урҭ ашықәсқәа рзы иҩыз ашәақәа иреиоуп "Аԥсадгьыл", "Санчара", "Атҟәа иашәа", "Афырхацәа рашәа", иаԥиҵеит ашкол хәыҷкәа ирызкны апиеса "Санчара". Уи ала ақәгыларақәа ақыҭа школқәа акыр рҟны идырбан. 

© Sputnik / Томас ТхайцукАсмаҭ Ражден-иԥҳа Гәымба лаб изкны иҭлыжьыз ашәҟәы
Жәлар рбаҩхатәра злаз: раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Асмаҭ Ражден-иԥҳа Гәымба лаб изкны иҭлыжьыз ашәҟәы

"1946 шықәсазы иажәеинраалақәа иманы ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь дааит Ражден Гәымба. Уаҟа аус зуаз Алықьса Џьонуа иажәеинраалақәа данрыԥхьа ашьҭахь, Дырмит Гәлиа иахь диманы дцоит. Гәлиа ихатә жәеинраала "Сыхаара сыԥсадгьыл" ҳамҭас ииҭеит иара. Уи иалихыз ашәа иҩымҭақәа рыгәҭа игылоуп", — ҳәа лҳәеит лара. 

1947 шықәсазы Ражден Гәымба дҭалоит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа. Усҟан директорс иамаз Горгаӡе дигәаԥхоит, ацхыраарагьы ииҭоит. Абраҟа аҵара шиҵоз ауп жәлар рашәақәа рыҩразы анотақәа ранҵара дшалагаз. 

1948 шықәсазы Ражден Гәымба иҵара нагӡо, Аԥснытәи жәлар рхор аҿы аусура далагоит. Шықәсык анаҩсан, уи анапхгаҩы Киҵа Гегечкори иҭыԥ аҟны иара днаргоит. 

© Foto / из архива семьи ГумбаП.Чаиковски ихьӡ зху аконсерваториаҿы аҵара аниҵоз ашықәсқәа рзы
Жәлар рбаҩхатәра злаз: раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
П.Чаиковски ихьӡ зху аконсерваториаҿы аҵара аниҵоз ашықәсқәа рзы

1954 шықәсазы Ражден Гәымба даарыԥхьоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт ахь, уа иагьеиҿикаауеит ахор, иара иаԥиҵаз ашәақәа рыла ишьақәиргылоит апрограмма. Абраҟа ҿыц иит Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа рахьтә ашәақәа злихыз ажәеинраалақәа "Сыԥшалас", "Қәачала", "Иааирума" уҳәа ҩынҩажәа рҟынӡа. 

1956 шықәсазы Ражден Гәымба дҭалоит Қарҭтәи аконсерваториа акомпозитортә ҟәша, иҵара хиркәшаанӡа Аԥснытәи жәлар рашәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль напхгаҩыс дарҭоит, ансамбль напхгаҩыс аус иуан 1965 шықәсанӡа.

1968 шықәсазы дҭалоит Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа. 1972 шықәсазы Аҟәаҟа дааны аусура далагоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩыс.

© Foto / из личного архива семьи ГумбаРажден Гәымбеи Баграт Шьынқәбеи аԥсуа интеллигенциа рыгәҭаны
Жәлар рбаҩхатәра злаз: раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ражден Гәымбеи Баграт Шьынқәбеи аԥсуа интеллигенциа рыгәҭаны

 

"Саб иҩымҭақәа рыла ацхыраара риҭон Уасил Царгәыш дызхагылаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи рансамбль, Лев Џьергьениа напхгара зиҭоз Аԥснытәи ахәынҭқарратә симфониатә оркестр, Вадим Судаков еиҳабыс дызмаз Ахортә капелла, Едуард Бебиа еиҿикааз ансамбль "Шьараҭын", Роза Чамагәуаԥҳа напхгара зылҭо жәлар рмузыкатә инструментқәа рансамбль "Гәында", Хәыта Џьопуа режиссиорс дызмаз Асатиратә театр "Чарирама", Ардашьын Аҩӡба дызхылаԥшуаз уҳәа Акамертә коллективқәа", - ҳәа ацылҵеит Асмаҭ Гәымԥҳа.

Здунеи уажәааигәа изыԥсахыз акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа Ражден Гәымба ихиҳәаахьаз ажәа шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

1972-1990 ашықәсақәа рзы Аԥсны аҟазара, акультура убриаҟара ишьҭырхит, егьырҭ Асоветтә республика дуқәа акыргьы иаарылаҳәҳәыртә еиԥш. Напхгара зиҭоз ахортә аколлективқәа иманы акырџьара агастрольқәа рахьгьы дцахьан.

Ражден Гәымба жанрла еиуеиԥшымыз амузыкатә рҿиамҭақәа аԥиҵеит. Апрофессионалтә композитор иаԥҵамҭақәа зегьы шьаҭас ирымаз, цәасгьы ирхоу жәлар рфольклортә мелодиақәа роуп, аԥсуа жәлар рашәақәа роуп. Ражден Гәымба иашәақәа рнотақәа зну хаз шәҟәны иҭыҵхьеит.

© Фото : архив семьи ГумбаРажден Гәымба ишәҟәқәа
Жәлар рбаҩхатәра злаз: раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ражден Гәымба ишәҟәқәа

Иҭижьхеит илирикатә ашәақәа рацәаны, иара убас "Раԥхьатәи аԥсуа асимфониа", иқыҭа Дәрыԥшь иазкны исимфониатә увертиура "Агәырӷьара", акантатақәа "Апартиа", "Ленин", "Аԥсынтәыла – амратәыла".

Ражден Гәымба илшеит композиторк иаҳасабала иаԥҵамҭақәа ажәлар ргәаҟынӡа анагара. Урҭ наунагӡа аԥсуаа еимдо иааргалоит, пату ақәырҵалоит.

Раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 21 , 2007 шықәсазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0