Торҭиа: аибашьра аинвалидцәа Аԥсны анҭыҵ рыхәшәтәра алҳаршоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭрик Тортия
Эрик Тортия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд аусушьа, аибашьра аинвалидцәа хәшәыла ишеиқәдыршәо, ацхыраара ироуа уҳәа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ерик Торҭиа.

АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Аԥсны анҭыҵ рыхәшәтәра алҳаршоит, иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ерик Торҭиа.

Ерик Торҭиа Sputnik Аԥсны еиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Урыстәылаҟа иаҳашьҭуа аинвалидцәа, урҭ Аҟәатәи ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы инанагаз, аҳақьымцәа игәарҭаз, нас Аԥсны уи ихәшәтәра шрылымшо ала ақьаад ззылҩаарыз роуп", — иҳәеит Торҭиа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан ахәрақәа зауз рыхәшәтәразы аинвалидцәа рфонд аиқәшаҳаҭрақәа амоуп Москва, Краснодар, Шәача, Ростов ахәшәтәырҭақәеи дареи.

"Афонд аԥырҵеит 2011 шықәсазы, усҟанҭәи аамҭазы аинвалидцәа 1150-ҩык ыҟан. Усҟан 60 миллион аҟынӡа инаӡон афонд иамаз аԥарақәа. Аха уи аахыижьҭеи фы-шықәса ҵхьеит, аинвалидцәа рхыԥхьаӡара 2800-ҩык ҟалеит", — иҳәеит иара.

Ерик Торҭиа иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра аганахь ала ацхыраара еиԥмырҟьакәа афонд иаиуеит. 

"Аԥсны абиуџьет ала ауалафахәы зауа ауаа ироуа аԥарақәа рыҟнытә 1,5% ршәо ианалага аахыижьҭеи ҳусқәа еиӷьны ицоит, ахәшәқәа раахәара аума, ауаа ҽыхәшәтәра Аԥсны анҭыҵ ицома уҳәа", — азгәеиҭеит Торҭиа.

Аҳақьымтә цхыраара зҭаху аинвалидцәа афонд ацхыраара ала ргәабзиара шьақәдыргылартә аҭагылазаашьа рымоуп, иҳәеит уи.

"Аԥсны ахәшәтәырҭақәа рҟынтәи арзаҳалқәа ҳзаауеит абри ауаҩ ахәшә иҭахуп, мамзаргьы аоперациа изымҩаԥгатәуп ҳәа изну. Нас ҳара урҭ ирҭаху ахәшәқәа рзаҳаԥшаауеит", — азгшәеиҭеит Торҭиа.

Аинвалид дахьынҳо аҭыԥ аҟны изааигәоу ахәшәтәырҭа аҟынтәи ашәҟәы афонд аҿы ианнеигалак ашьҭахь, уи ацхыраара иҭараз аусқәа мҩаԥыргоит афонд аусзуаҩцәа.

Аинвалидцәа рсиа инақәыршәаны аинвалидцәа ацхыраара роуртә аҭагылазаашьа аԥҵахоит, иҳәеит уи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0