Аԥсны ашыц аарыхра иалагеит

© Фото : Эко АпсабараВысажена в теплицу первая тысяча саженцев самшита
Высажена в теплицу первая тысяча саженцев самшита - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларра-екологиатә еиҿкаара "Апсабареи" АНА Аекологиа аинститути ихацдыркит амцаԥшьхәаҷа иқәнагаз ашыц аиҭашьақәыргыларазы апроект.

АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ауаажәларра-екологиатә еиҿкаара "Апсабареи" АНА Аекологиа аинститути ихацдыркит амцаԥшьхәаҷа иқәнагаз ашыц аиҭашьақәыргыларазы апроект.

Раԥхьатәи ашыцҵиаақәа еиҭаҳауп Мгәыӡырхәа ақыҭан ҳәа Sputnik иазааицҳаит апроект "Колхидатәи ашыц аиқәырхара" аменеджер Роман Леиба.

"Ашыц аарыхразы атеплица Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иргылан. Аволантиорцәа рыцхыраарала ҳара иҳалшеит 1000 инареиҳаны шыцшьаҭа реиҭаҳара", — иҳәеит Леиба.

Леиба иажәақәа рыла апроект спонсорс иқәгылоит аиҿкаара – ООН.

"Апроект идеианы иҟоу иҳамоу аматериал иалхны ашыц аиҭашьақәыргылароуп. Амцаԥшьхәаҷа зԥырхагахаз ашыцбнақәа рҟны иҳаԥшааит кьыс змамыз аматериал", — иҳәеит иара.

Романа Леиба иажәақәа рыла ишахәҭоу еиԥш аусурақәа зегь мҩаԥгахар ашыцшьаҭақәа аԥсабарахь реиҭеиҭаҳара шықәсык ашьҭахь иалшоит. Апроект "Апсабара" иазыԥхьагәанаҭоит 20000 рҟынӡа шыц-шьаҭа аиҭаҳара.

"Сынтәа 20 000 шьаҭа зегьы реиҭаҳара ҳахьымӡаргьы 10 000 шьаҭа усгьы еиҭаҳҳауеит цәыббрамза нҵәаанӡа. Цәыббрамза реиҳа иманшәалоу мзаны иԥхьаӡоуп аиҭаҳатә адцԥашәркразы", — иҳәеит Леиба.

Изаамҭанытәиу аиҭаҳаратә усурақәа мҩаԥгахараны иҟоуп цәыббра 16 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0